Анхара-коммуналтә департамент адиректор ихаҭыԥуаҩ Елена Атиопина Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы имҩаԥысыз акциа акыр зҵазкуа хҭысуп ҳәа иазгәалҭеит.
Рашәарамзазы аҳҭнықалақь Ахадара ахь иадҵаалеит «Аԥсны анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы» анацәа рхеилак ахаҭарнакцәа. Урҭ аибашьраҿы хабарда ибжьаӡыз ргәалашәаразы акциа амҩаԥгара аԥшьыргеит.
«Аха аԥхын акыр иахьшоураз, иаарҩараны иахьыҟаз инамаданы, атехнологиақәа рыла аҵиаақәа реиҭаҳара ҟалаӡом. Иарбоу аусмҩаԥгатә ҭагалан ахь аиагара рыӡбеит. Араҟа аллеиа шыҟало азы аҭаӡҩыра хәыҷы ықәдыргылеит. Амш бзианаҵы аҵиаақәа еиқәҳаршәеит», – ҳәа еиҭалҳәеит лара.
Апарк аҿы еиҭарҳаит быжь-ҵлак.
Акциа амҩаԥгара иадҳәалоу ахарџьқәа зегьы ақалақь Ахадара ахахьы иагеит.
«Есышықәса, нанҳәамза 30 рзы ҳара иазгәаҳҭоит Хабарда ибжьаӡыз ргәалашәара жәларбжьаратәи Амш. Сынтәа урҭ ргәалашәара аҳаҭыраз иазԥхьагәаҭан аҵлақәа реиҭаҳара, аха акциа абҵарамзахь ииаган», – ҳәа илҳәеит «Аԥсны анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы» анацәа рхеилак ахантәаҩы Гәыли Кьычԥҳа.
Уи иазгәалҭеит шықәсқәак раԥхьа Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы хабарда ибжьаӡыз ргәалашәаразы аӡыршә шышьақәыргылаз.
«Иахьа ақалақь Ахадара адгыларала еиҿкаау аҵлақәа реиҭаҳара иадҳәалоу акциа мҩаԥысуеит. Ҳара еицалаҳхит еиҭаҳахо аҵлахкқәа», - ҳәа илҳәеит Гәыли Кьычба. Лара апарк ҳақалақь аԥшӡара иасимволны иахьыҟоу, насгьы араҟа аибашьраҿы иҭахаз зхаҭара шьақәыргылоу реиԥш макьаназы зхаҭара шьақәыргылам аибашьцәа анышә иахьамадоу инамаданы есымша ирҿыцлатәуп ҳәа иазгәалҭеит.
