Алеқсандра Константин-иԥҳа ҳаҭырла дыргәаладыршәарц арахь иааит Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа Аботаникатә институт аусзуҩцәа, ауацәеи аҭынхацәеи, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.
Шьаҟрыл Алеқсандра Константин-иԥҳа еицырдыруа аԥсуа рккаҩы, аҵарауаҩ, ҩынҩажәа шықәса аҵара зларҵоз абжьаратәи ашкол азы Аԥсны аҭоурых аҿы раԥхьатәи аԥсуа бызшәазы арҵагашәҟәы автор Константин Шьаҟрыл иԥҳа абҵарамза 20, 1925 шықәсазы диит.
Лара А.М. Горки (1947 ш.) ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт далгеит, В.Л. Королиов (1948-1951) ихьӡ зху Урыстәыла Анаукақәа Ракадемиа Аботаникатә институт аспирантура акурс дахысит.
1957 шықәса инаркны 2009 шықәсанӡа Аҟәатәи аботаникатә баҳча аҿы анаукатә усзуҩ еиҵбыс, анаукатә усзуҩ еиҳабыс, аботаника аҟәша аконсультанс аус луан.
Аботаникатә баҳчаҿы аусура даналага, Алеқсандра Шьаҟрыл активла ҳаамҭазтәи адгьыл аҵантәи аҵиаақәа репидермиалтә анализ азы аҭҵаара лнапы алалкит. Лара лкандидаттә диссертациа ҳаамҭазтәи адгьыл аҵантәи аҵиаақәа рдиагностика азы адаԥажәлатә ҵиаақәа репидермис ашьақәгылара иазкуп.
Алеқсандра Шьаҟрыл анапхгаҩы лаҳасабала уахь иналаҵаны, апалеоботаникатә експедициақәа лхы алалырхәуан. Аепидермал-кутикулиартә анализ аметод лхы иархәаны, лара адаԥжәлақәа, аԥсажәлақәа, уҳәа – 30 таксон инареиҳаны аҵиаахк ҿыцқәа рыҭҵаара лылшеит.
Апрофессор А.А. Колаковскии лареи еицхырааны ақыҭақәа Бармышь, Мгәыӡырхәа асарматтәи афлорақәа рҿы аполеоботаникцәа шамахамзар ирықәымҿиуа аартра ҟарҵеит, урҭ ҩ-хкык змоу «Колхидиа» ҳәа изышьҭоу аԥсажәлақәа иҿыцу рыхкы шьақәдыргылеит.
Алеқсандра Шьаҟрыл - 40 инареиҳаны анаукатә публикациақәа дравторуп.
Лара ацавторс дамоуп – афундаменталтә усумҭақәа – ҩ-томкны иҟоу «Каталог ископаемых растений Кавказа», «Ископаемые цветковые растения СССР».
Алеқсандра Шьаҟрыл лыҭҵаара «Виды бобовых из третичных флор Абхазии» 1992 шықәсазы Акралтә ботаникатә баҳча аҭыжьымҭа аҿы икьыԥхьыз адгьыл иҵырхуа акалыиатә хкқәа ирызку аҵыхәтәантәи атом иалалеит.
Алеқсандра Шьаҟрыл Аҟәатәи ақалақьтә депутатцәа рхеилак адепутатс далырххьан, лара активла арҵаҩратә усура лнапы алакын, аполеоботаниказы иҷыдоу акурсқәа дрыԥхьон.
