Print this page
вчера 19:09

Артур Габуниа игәалашәара иазку адомино азы Жәларбжьаратәи атурнир алагеит Афон Ҿыц ақалақь аҿы.

Аҟәа. Абҵарамза 21, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Афон Ҿыц ақалақь аҿы иаатит Аԥсны адомино Афедерациа Раԥхьатәи апрезидент Артур Габуниа игәалашәара иазку Жәларбжьаратәи атурнир, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы апресс-маҵзура. Аицлабрақәа мҩаԥыслоит абҵарамза 21 - 23 рзы.

Атурнир аартуа, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо  Ҭарашь Ҳагба иҳәеит:

«Ҳара Артур Габуниа – аҟыбаҩ злаз ахәмарҩы, иналукааша аиҿкааҩ, ауаҩы аамсҭашәа, Аԥсны адомино аҿиара злагала ду алазҵаз   игәалашәара иазкны имҩаԥысуа атурнир зхы алазырхәуа реиԥш асасцәагьы шәбара ҳаигәырӷьоит. Иара ари ахәмарра бзиа ишибоз, иҟазара, иҩызара наунагӡа дыздыруаз ргәаҵан иаанхоит, аспортсмен ҿарацәа агәазҭазаара рнаҭалоит», – ҳәа иҳәеит иара.

Иара атурнир аҽазыҟаҵара, аиҿкаара зхы алазырхәыз зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит, аспортсменцәа аицлабраҿы ақәҿиарақәа рзеиӷьаишьеит.

Атурнир рхы аладырхәуеит Еиду Америкатәи Аштатқәа, Венесуела, Доминикантәи Ареспублика, Урыстәыла, Аԥсны, Пуерто-Рико рҟынтәи 80-ҩык аспортсменцәа. Аицлабрақәа мҩаԥысуеит хаҭалатәии акомандатәи аформатқәа рыла.


Read 24 times