Print this page
вчера 21:47

Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №1 аҿы ашколхәыҷқәа рзы акибершәарҭадаразы аурок мҩаԥысит.

Аҟәа. Абҵарамза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Мактина Џьынџьалԥҳаи Азинмчы змоу Иаппарат азиндырҩы Екатерина Лиаховецкаеи аҟәатәи абжьаратәи ашкол №1 6-8-тәи аклассқәа ҵаҩцәа рзы аинтернет аҿы ашәарҭадлара аԥҟарақәа иазку аурок мҩаԥыргеит.

Екатерина Лиаховецкаиа ахбыџқәа рықәратә ҷыдарақәеи ринтерессқәеи ҳасаб азуны акласстә сааҭ аинтерактивтә программа еиқәлыршәеит.   

Аекспертцәа ахбыџқәа рзы акутуалра злоу  абарҭ атемақәа ирзааҭгылеит:

  • Асоциалтә ҳақәа рҿы амцҳәаҩцәа шԥеилкаатәу,
  • Ухатә дыррақәа шԥахьчатәу,
  • акибербуллинг ишԥаҿагылатәу,
  • асоциалтә ҳақәа рҿы иҟоу аинформациа критикала азнеира, критикала ахәшьара аҭара зхымԥадатәиу.

«Ас еиԥш иҟоу аиԥыларақәа акырӡа аҵак ду оыҵоуп. Ҳара ҳхықәкы хада – ахәыҷқәа рыршәара акәӡам, ҳара урҭ ишәарҭаданы, ииашаны ацифратә ҵакыра ахархәара рылзыршаша  аԥышәатә зыҟаҵарақәа рыҭара ҳҽазаҳшәоит. Уамеигәырӷьар залшом ахәыҷқәа ахшыҩзышьҭреи иарбоу азҵаарақәа рҿы ирымоу адыррақәеи ахьаадырԥшыз», — ҳәа иазгәалҭеит Мактина Џьынџьалԥҳа.

Еиҵагыло абиԥара рцифратә ҵарадырра иазырхоу ас еиԥш иҟоу аилыркаагатә усмҩаԥгатәқәа егьырҭ ареспубликатә  школқәагьы рҿы имҩаԥгахоит.


Read 38 times - Ахаша, 19 Абҵара 2025 21:07