Print this page
14.Абҵара.2025

Аҟәа ақалақь аҿы абҵарамза 11 рзы иҟалаз аиҿахысразы зыгәҩара ыҟоу аанкылоуп.

Аҟәа. Абҵарамза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы абҵарамза 11 рзы иҟалаз аиҿахысразы зыгәҩара ыҟоу аанкылоуп. Абри азы Аԥсны Ахада Гәынба Бадра адырра ирҭеит ареспублика азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа аусуратә еилацәажәараҟны. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.   

Апрокурор Хада Адгәыр Агрба аҳәамҭа ҟаиҵеит ацәгьоура шамахамзар ишаарту азы. 

Адгәыр Агрба адырра ҟаиҵеит аоператив-усҭҵааратә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥысшьа азы, иҳәеит ацәгьоура аныҟала ашьҭахь хара имгакәа ашьаус шхацыркыз, азинхьчаратә усбарҭақәа – Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзуреи рнапхгаҩцәа анапынҵақәа шрыҭаз ацәгьоура иалахәыз ахаҿқәа рышьақәыргылареи раанкылареи рзы.  

Апрокурор хада иҳәеит аоперативтә маҵзурақәа ацәгьоура анымҩаԥгаз ауха ишышьақәдыргылаз, иагьшааныркылаз ахаҿқәа жәпакы, урҭ аоператив-усеилыргаратә уснагӡатәқәа рымҩаԥгаразы Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аамҭалатәи аанкыларҭахь ишнагаз.      

Адгәыр Агрба иажәақәа рыла, аринахыс ашьаус иалахәыз егьырҭ ахаҿқәа рышьақәыргыларазы ауснагӡатәқәа мҩаԥыргалоит.   

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура Ахантәаҩы Дбар Дмитри иазгәеиҭеит зыгәҩара ыҟаз руаӡәык Урыстәылатәи Афедерациа аҵакырадгьыл аҟны, Адлер ақ. дшаанкылоу. Аанкылара алыршахеит урыстәылатәи аколлегацәа алархәны. Ҳазҭагылоу аамҭазы Аԥсны аҵакырадгьыл ахь ииагареи иаагареи рзы азҵаара аӡбара мҩаԥысуеит.  

Аҳәынҭқарра Ахада адҵа ҟаиҵеит аус ҷыдала ахылаԥшразы, иара хаҭала аусеилыргаратә усмҩаԥгатәқәа хылаԥшра шриҭо азгәаҭаны.     

«Ҳаҭыр зқәу аколлегацәа, иҟаҵоу ацәгьоура  ахылҟьа-ҿылҟьа зламоу ала, ари аус ҷыдала хылаԥшра амазароуп. Иҳаҩсыз амшқәа раан еиԥш, сара хаҭала ари аус хылаԥшра асҭалоит. Аусеилыргаратә усмҩаԥгатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны аҳәара ҟасҵоит  аус здыжәулаз аинформациазы адырра сышәҭаларц. Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит имҩаԥгоу аусуразы, ари ирласны инагӡатәыз усын. Азинхьчаратә усзуҩцәа ирласны иақәҿырҭит ҳәа сгәы иаанагоит. Аҳәара ҟасҵоит иалкаахаз аусзуҩцәа разгәаҭаразы. Аусеилыргара аматериалқәа рыла ирласны, инҭырҳәыцааны арҵабыргыгақәа шьақәырӷәӷәатәуп ацәгьоуцәа ирыхәҭоу рақәыршәаразы», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит ацәгьоуцәа хымԥада ирыхәҭоу ахьырхәра ишақәыршәатәу.

«Аусеилыргара аматериалқәа рыла ирласны, инҭырҳәыцааны арҵабыргыгақәа шьақәырӷәӷәатәуп ацәгьоуцәа ирыхәҭоу рақәыршәаразы. Ари аус аартызароуп, ҳуаажәларраҟны ирдыруазароуп ас еиԥш иҟоу ацәгьоура шаартхо, ацәгьоуцәа шахьырхәхо», - иҳәеит Бадра Гәынба. 

Аҳәынҭқарра Ахада Апрокурор хада инапы ианиҵеит аусҭҵааразы изыхәҭоу аматериалқәа реизгара хаҭала хылаԥшра аиҭарц.   

Абҵарамза 11 рзы иҟаҵаз ацәгьоура иахҟьаны 5-ҩык ахәрақәа роуит, руаӡәык ахәышәтәырҭаҟны иԥсҭазаара далҵит.   Аҳәынҭқарра  Ахада аԥхьатәи аминуҭқәа инадыркны аусҭҵаара хаҭала хылаԥшра аиҭоит.   

 


Read 14 times - Ахаша, 19 Абҵара 2025 14:14