Print this page
сегодня 15:51

Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа абҵарамза 11 рзы Аҟәа ақалақь аҿы иҟалаз ахысраҿы игәҩароу рырбаандаҩразы аӡбамҭа аднакылеит.

Аҟәа. Абҵарамза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ашьаусԥшааратә Усбарҭеи Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ашьаусԥшааратә ҟәшеи русзуҩцәеи Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәеи еицымҩаԥыргоз аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа ирылҵшәаны, абҵарамза 14 рзы даанкылан 1995 шықәса рзы ииз Шьынқәба Асҭамыр Амеран-иԥа, абҵарамза 15 рзы  - 1984 шықәса рзы ииз Џьыкырба Шараҭ Иродион-иԥа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Апрокуратура Хада апресс-маҵзура.

Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Асҭамыр Шьынқәбеи Шараҭ Џьыкырбеи рырбаандаҩразы аӡбамҭа аднакылеит.  

Аҟәа ақалақь аҿы абҵарамза 11 рзы аҭыԥ змаз ахысра иалахәыз зегьы раанкылара иазку аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа ирыцҵоуп.

Ашьаусеилыргара хацыркуп Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 29 ахәҭа 3 апункт «е», ахәҭаҷ  99 ахәҭа 2, ахәҭаҷ 217 ахәҭа 1, ахәҭаҷ 105 ахәҭа 3 апункт «б» иазԥхьагәанаҭо ацәгьоурақәа рҟазшьақәа рыла – азеиԥш шәарҭара зҵоу ҩыџьа, ма инариеҳаны ргәабзиара ашәарҭара азҭаз ауаҩшьра афакту ала.

Абҵарамза 11 рзы Аҟәа ақалақь, Гәымаа рымҩала иҟалаз ахысраан хәҩык ахәрақәа роуит, ԥыҭрак ашьҭахь урҭ руаӡәк Руслан Адлеиба Ареспубликатә хәшәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит. 


Read 45 times