Print this page
сегодня 15:51

Аҟәа ихыркәшахеит Жәларбжьаратәи адокументалтә кинофестиваль «RТ.Док: Ҳфырхацәа раамҭа».

Аҟәа. Абҵарамза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәларбжьаратәи адокументалтә кинофестиваль «RТ.Док: Ҳфырхацәа раамҭа» Аҟәа, абҵарамза  18 рзы ихыркәшахеит.

Афестиваль аҩбатәи, ахыркәшаратә мшы аҽны идырбан адокументалтә фильмқәа: "Ҳашҭа аҟынтәи арԥыс: Журавлиов" (автор, арежиссиор Инна Танашева), "Агәрахаҵара адгьылбжьаха" (автор Ольга Кири, арежиссиор Артиом Сомов), "Аӡәы. Адәы. Аибашьҩы" (автор Руслан Гусаров, арежиссиор Артиом Сомов).

Ауснагӡатә аркраан иқәгылеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Киевтәи арежим ацәгьоурақәа рзы Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵа ҷыдақәа змоу ацҳаражәҳәаҩ Родион Мирошники.

Олег Барцыц Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтәи Аџьшьаратә шәҟәқәа ранеишьеит: Руслан Гусаров, арратә корреспондент, RT адокументалтә фильмқәа равтор; Павел Кукушкин, арратә корреспондент; Инна Танашева, РИА Новости акорреспондент, афильм "Ҳашҭа аҟынтәи арԥыс. Журавлиов" автор; Константин Михалчевски, РИА Новости афотокорреспондент, иҭахаз арратә корреспондент Ростислав Журавлиов иҩыза; арратә корреспондент, апроект WarGonzo автор Семион Пегов.

Иара убас, Аџьшьаратә шәҟәы ланаршьеит RT адокументалтә дырраҭарақәа рдиректор, афестиваль "RТ.Док: Ҳфырхацәа раамҭа" апродиусер хада Екатерина Иаковлева.

Олег Барцыц RT ателеканал, амедиагәыԥ «Россия сегодня» рредактор хада Маргарита Симониан лыхьӡала Аџьшьаратә шәҟәы ишьҭит 2022 шықәсазы амемориалтә проект «Ахьӡ аԥшаара» аҳәаақәа ирҭагӡаны иҭыхыз адокументалтә фильм «Аԥшаара» аԥхьарбара ацхыраара аҭаразы.

Жәларбжьаратәи адокументалтә кинофестиваль "RТ.Док" Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҿы абҵарамза 17-18 рзы имҩаԥысит, уи еиҿкаан Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи, Аԥсны Акультура аминистрреи, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университети, Урыстәылатәи Афедерациа Асоциалтә программақәа рыдгыларазы амилаҭтә фонди рыцхыраарала.

 


Read 47 times