Print this page
15.Абҵара.2025

Урыстәыла азинхьчаратә усбарҭақәа абҵарамза 11 рзы Аҟәа ақалақь аҿы ацәгьоураҿы игәҩароу Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәа дрырҭеит.

Аҟәа. Абҵарамза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 11 рзы Аҟәа ақалақь аҿы ацәгьоура аиҿкаареи анагӡареи рҿы игәҩароу Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахь днаргеит.

Уи Урыстәыла иахьаҵанакуа даанкылан, аԥснытәии урыстәылатәии азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгарабжьаратә усеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥсуа ган ахь дыиаган, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура апресс-маҵзура.

Уажәы игәҩароу рганахьала иахәҭоу аусеилыргаратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргоит.

Абҵарамза 11 рзы Аҟәа ақалақь Гәымаа рымҩала иҟалаз ахысра иахҟьаны хәҩык ахәрақәа роуит. Руаӡәы ӷәӷәала дырхәит, уи Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит.


Read 8 times