Ахада Ихаҭыԥуаҩ аруаа ҿыц рахь иҟаиҵаз ааԥхьараҟны иҳәеит:
«Ҳаҭыр зқәу аррамаҵзурауаа!
Ишәыдысныҳәалоит Шәыԥсадгьыл иашәҭаз иԥшьоу Арратә ҭоуба адкылара.
Шәара есқьынгьы ижәдыруазароуп шәыԥсҭазаараҿы знык ҭоуба шыжәуа. Аԥсны аруаҩ иаҳаҭыр ҳаракны инажәгалароуп.
Иахьа инаркны шәара шәара шәҟазшьа, шәхаҵара аарԥшра шәалагоит. Шәнапхгаҩцәа, шәҭаацәа, шәҩызцәа рыгәрагара шәаԥсахааит. Ишәхашәмыршҭлан шәышьҭахьҟа Шәыԥсадгьыл шыҟоу.
Ишәыдысныҳәалоит аҵак ду змоу ари амш!»
Аԥсадгьыл аҿаԥхьа ҭоуба зуыз аруаа ҿыц рыҩныҵҟа дыҟан Ахада Ихаҭыԥуаҩ иԥа – Бигәаа Леон.
