Шьаҭанкылатәи аргыларатә усбарҭа аиҳабы Гамсаниа Демир иҳәеит аусурақәа амчыбжь иалагӡаны ишхыркәшахо.
Аҳәынҭқарра Ахада аргыларатә усбарҭа аиҳабы иирбеит уадақәак рыҟны аҭыӡқәа ирымоу аԥакәи.
Аҳәынҭқарра Ахада иаҵшьны иҳәеит ахәыҷқәа ас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьа ргәабзиара ишазеицәоу, хара имгакәа ари азҵаара аӡбара шаҭаху.
Ашкол аҟны иара убас 30 инареиҳаны ԥенџьыр рыԥсахуеит.
Аҳәынҭқарра Ахада арҵаҩратә коллектив ирылеиҳәеит иааиуа амчыбжь азы ашкол иҿыцу ашколтә автобус шаиуа.
