Print this page
вчера 0:20

Ҟәланырхәа ақыҭан адгьылҳәазара иахҟьаны иҿыбгаз амҩа еиҭашьақәыргылахоит.

Аҟәа.  Абҵарамза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Гәдоуҭа араион аҟны Ҟәланырхәа ақыҭа даҭааит.

Аҳәынҭқарра Ахада Даур Ахьиба ихьӡ зху аҩбатәи абжьаратәи ашкол ахыб арҿыцразы имҩаԥгоу аусурақәа дрыхәаԥшны ибеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵаз анапынҵала, шьаҭанкылатәи аргыларазы аусбарҭа 1600 ԥшьыркца метра рҟынӡа зымҽхазкуаз ахыб ԥсахра иазкыз аусурақәа мҩаԥнагеит.

Ашкол аҟны аҵара рҵоит 18-ҩык аҵаҩцәа, иҟоуп аклассқәа 6. 

Ашкол адиректор илҳәеит ақыҭа иалҵыз аишьцәа Шьониаа асахьаҭыхратә студиа арҿыцраҟны ацхыраара шыҟарҵаз.

Ари узҿыԥшыша акоуп ҳәа иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.   «Ас еиԥш иҟоу аусурақәа мҩаԥызгаша аҳәынҭқарра ауп, аха уи ақыҭа иалҵыз ауаа рхы аналадырхәуа, гәахәароуп иагьгәадуроуп», — иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Аҳәынҭқарра Ахада аргыларатә усбарҭа аиҳабы инапы ианиҵеит ашкол аҟны аԥсуа бызшәа акабинет иахымгакәа арҿыцра.

Ҟәланырхәа ақыҭаҟны иҟоуп ашколқәа ҩба.

Анаҩс аҳәынҭқарра Ахада дахәаԥшны ибеит 300 ҭаацәара ахьынхо ақыҭаҟны амҩа хада ахьҳәазаз аҭыԥ. 

Иазгәаҭан амҩа зынӡа абгаразы ашәарҭа шыҟоугьы .

Аҳәынҭқарра Ахада аргыларатә усбарҭа анапы ианиҵеит аҭагылазаашьа ҭҵааны амҩа зегьы аиҭашьақәыргыларазы ажәалагалақәа рзырхиара.

 


Read 47 times - Аҩаша, 18 Абҵара 2025 20:32