Ацҵа хәы-шықәса зхыҵуеи урҭ иреиҳабуи ахәыҷқәа ирызкуп. Уи ҭугар алшоит аплатформақәа AppStore, Google Play рҿы.
«Аилазаара «А-Мобаил» азы иахьа даара акыр зҵазкуа мшуп. Избан акәзар, ҳара иахьа шықәсык инарзынаԥшуа аус здаҳулоз апроект адгалара мҩаԥаагоит. Уи деталла иацклаԥшны ҳгәыбылра зегьы адҵаны иҭҳажьит. Иара раԥхьа иргыланы аԥсуа бызшәа апопулиаризациеи аиқәырхареи иазырхоуп. Ҳхәыҷқәа ацифратә дунеи аҿы ирызҳауеит, урҭ зынӡа даҽакала аинформациа рныруеит. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп, ахәыҷқәа рхатәы бызшәала ишрацәажәалатәу –атезнологиақәа рбызшәала», – ҳәа илҳәеит аилазаара «А-Мобаил» PR-компаниа анапхгаҩы Асҭанда Ҷкадуа.
Лара иара убас еизаз иргәалалыршәеит «А-Мобаил» аԥсуа бызшәа аӡыргара иазку апроектқәа жәпакы аспонсортә цхыраара шанаҭахьоу. Иарбоу апроектқәа иреиуоуп амультфильмқәеи асериалқәеи абжьы рхаҵара, иара убас аудиолакәқәа рҭаҩра.
«3-5 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа рзы иҿыцу амобилтә ҵаратә цҵа «Анбан» – ари ҳаамҭазтәи аҵарадырратә инструментуп, уи еиҵагыло абиԥара абызшәа аҵараҿы ирыцхраалоит», – ҳәа иазгәалҭеит Асҭанда Ҷкадуа.
Лара аилазаара «А-Мобаил» аԥсуа бызшәа аҿиара иазырхоу апроектқәеи аԥшьгарақәеи адгылара рыҭара ишазхиоу азгәалҭеит.
Асҭанда Ҷкадуа лажәақәа рыла, апроект «Анбан» –автори аусдулаҩи Давид Коиавеи аилазаара «А-Мобаили» русеицура иалҵшәахаз раԥхьатәи аалыҵны иҟоуп.
«Ҳара ҳкоманда хә-ҩык рыла ишьақәгылоуп: џьоукы - Еиду Америкатәи Аштатқәа рҟынтәиуп, даҽа џьоукы Беларусиантәуп. Раԥхьатәи амзақәа рзы ҳара ахәмарра агәыцә аус адулара ҳаҿын, аха зегьы реиҳа иуадаҩыз ахәмарра аконтент ала: ажәақәа, асахьақәа, абжьы ала ахарҭәаара акәын», – ҳәа еиҭеиҳәеит Давид Коиава.
Ацҵа аус адулараан авторцәа ахәыҷы аҵара апроцесс аҿы ицзаауа аперсонаж дырхәыцит. Асҭамыр Кәыҵниа исахьақәа ианрыхәаԥш, амилаҭтә маҭәа зшәу аҷкәын иаарԥшра рыӡбеит.
«Сара исабжьаргеит аидеиа сыманы аилазаара «А-мобаил» ахь снеирц, араҟа ҳара афырхаҵа Таташь – «А-мобаила» асимвол исахьала иаарԥшра ҳҽазаҳшәеит. Иара иоуп ахәмарраҿы атмосфера хада шьақәзыргыло», – ҳәа инациҵеит апрограммист.
Аперсонаж ибжьы ахаиҵеит аҷкәын Нарҭ Ҭыжәба. Ахәмарра азы иоригиналу амузыка аԥиҵеит аԥсуа композитор қәыԥш Ҭемыр Агрба.
Давид Коиава ари ахәмарра аԥхьа аҵарадырратәи уахь иналаҵаны, ахықәкқәа маҷымкәа иаман ҳәа иазгәеиҭеит. Аԥхьа еиуеиԥшым ақәратә гәыԥқәа: 3 шықәса зхыҵуа инадыркны 7шықәса зхыҵуа рҟыӡа, 7 шықәса зхыҵуа инадыркны 12 шықәса зхыҵуа рҟыӡа, урҭ иреиҳабууи.
«Раԥхьа ҳара иҳалшару, иҳақәҿиару ҳәа ҳлакҩакуан, убри аҟнытә армариара, ахәыҷы изы агәынкылара иахьынӡауа ала имариахарц азы гәҭакыс иҳаман. Ацҵа «Анбан» – ари хәмарракны иҟаӡам, араҟа жәа-хәмаррак еицуп, доусы иалкаау ахықәкқәа аманы иҟоуп: анбанқәа, ажәақәа, аԥшшәхәқәа, ахыԥхьаӡарақәа рҵара, уҳәа. Хәмаррақәак ҳара ауаа анбанқәа рышьҭыбжьгара делыркааразы ҷыдала афонетика аҵаразы ишьақәҳаргылеит», – ҳәа иҳәеит иара.
Апроект аусдулаҩцәа ркоманда ацҵа ақәҿиара аманы иҟалар, ахәыҷқәа рзы адагьы адуцәагьы рзы еиҳа иуадаҩу ахәмаррақәа рҭыжьра азԥхьагәанаҭоит.
