Print this page
сегодня 19:45

Владимир Делба Псков имҩаԥысуа V Жәларбжьаратәи апатриоттә форум «Ҳара иаҳгәалашәоит» ихы алаирхәит.

Аҟәа. Абҵарамза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делба абҵарамза 17 - 19 рзы Псков ақалақь аҿы имҩаԥысуа V Жәларбжьаратәи апатриоттә форум «Ҳара иаҳгәалашәоит»  ихы алаирхәуеит.

Иара Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба ихьӡала афорум алахәылацәа рахь адныҳәаларатә цҳамҭа даԥхьеит.

«Аԥсны жәлар рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 80-шықәса ахыҵра ашықәсан имҩаԥысуа V Жәларбжьаратәи апатриоттә форум «Ҳара иаҳгәалашәоит» аартра шәыдысныҳәалоит зегьы. Афорум иаҵоу аҵакы арегионалтә ҳәаақәа ирҭыҵуеит. Уи ирзеиԥшу аҭоурыхи ирзеиԥшу Аиааиреи рыла еимадоу ажәларқәа рыбжьара адоуҳатәи акультуратәи аимадара арӷәӷәара акыр иацхраауеит. Уажәы имҩаԥысуа афорум аҵакы ҷыда амоуп Ареспублика Аԥсны азы. Раԥхьаӡа акәны ҳҿар ари зымҽхак ҭбаау аусмҩаԥгатә рхы аладырхәуеит. Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа аилибакаареи агәреибагареи рыла ишьаҭарку аиҩызаратә ҟазшьа амоуп. Ҳара ҳтәыла активла Урыстәылатәи Афедерациа арегионқәа рыҽрыманадоит, аусеицуратә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара мҩаԥысуеит. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Псковтәи аобласти Аԥсни рыбжьара хра злоу апартниортә еизыҟазаашьақәа аҿиара иаҿуп»,  –  ҳәа иазгәаҭоуп адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы.

Владимир Делба Аԥсны иалҵыз аҿар ари афорум ралахәхара асимволтә ҵакы амоуп ҳәа иазгәеиҭеит.

«Афорум аҿы аҳра руеит акзаареи агәреибагареи аиҩызареи. Сара ҳара зегьы иаҳзеиӷьасшьарц сҭахуп есымша ԥхьаҟа ацара, ақәҿиарақәеи аманшәалареи», - ҳәа иҳәеит Аԥсны аԥыза-министр.   

Афорум алахәылацәеи асасцәеи бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит Псковтәи аобласт агубернатор Михаил Ведерников. Уи сынтәа раԥхьаӡа акәны Ареспублика Аԥсны ахаҭарнакцәа афорум рхы аладырхәуеит ҳәа иазгәеиҭеит. Агубернатор Аԥсны ахаҭарнакцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит азеиԥш ҭоурых, агәалашәареи акультуреи реиқәырхаразы инарыгӡо аусура азы.  

Псковтәи аобласт аруаа қәыԥшцәа (Юнармейцы) аԥснытәи аҿар ахаҭарнакцәа Аԥсны иалҵыз аибашьцәа  анышә иахьамадоу амемориалқәеи аиашьаратә ԥсыжырҭақәеи рҟынтәи иаагоу анышә зҭоу «агәалашәара  акапсула» рырҭеит.  

Афорум аофициалтә хәҭа анхыркәшаха ашьҭахь аԥыза-министр Владимир Делба афорум алахәхаразы Аԥснынтәи иааз аҿар дрыҿцәажәеит.


Read 138 times