Аусуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны араион иаҭааз Аҳәынҭқарра Ахада аусурақәа шымҩаԥысуа азы адырра ииҭеит Шьаҭанкылатәи аргылара аусбарҭа аиҳабы Демир Гамсаниа.
«Ҳазҭагылоу аамҭазы аусурақәа мҩаԥысуеит аӡыржәтә амҽхак аизырҳареи Гагра ақалақь ӡыла аиқәыршәареи рзы аӡҭыгагатә станциақәеи амкьаҭқәеи шьаҭанкыла реиҭашьақәыргыларазы.
Иахьа уадаҩрас иҟоу ақалақь ӡыла аиқәыршәара злалыршахо аӡҭыгагақәа Репруа аӡиас аҟнытә иҭырго аӡы мацаралоуп.
Иҟоу аӡеизакырҭатә мкьаҭ иахьа аҭагылазаашьа уашәшәыроуп, иара иҭаӡоит 3000 кубтә метра.
Арҽеиратә усурақәа рымҩаԥгара анаҩс аӡеизакыра амч ҩынтә, хынтә раҟара ацҵара ҳалшоит», — ҳәа иҳәеит Шьаҭанкылатәи аргылара аусбарҭа аиҳабы Демир Гамсаниа.
Аҳәынҭқарра Ахада сааҭла шьыжьи хәылбыҽхеи ауааԥсыра аӡы рыҭара иадҳәалоу ас еиԥш аҭагылазаашьа ҟамлароуп. Ари аҭагылазаашьа аиҳарак зыргәамҵуа аҩнеихагылақәа рҿы инхо ауаа роуп.
«Иҟоу аҭагылазаашьа излауа ала ирласны ирҽеитәуп хымԥада», -ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба. Надо эту ситуацию исправлять", — сказал Гунба. Прочитано 89 раз. Последнее изменение 18.11.2025.
