Аусмҩаԥгатә апрограмма хнаркәшеит афермертә аалыҵқәа рыла ахәаахәҭратә цәыргақәҵа маҷ. Араҟа Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Афатә-ажәтәи ақыҭанхамҩеи реиҿкаара Аҟәа иҟоу апроекттә офис (ФАО) апроект алахәылацәа ацхеи ашьхааӡара аалыҵқәеи аҭыԥантәи аҵиаақәеи аиҭаҳатәқәеи аиаҵәареи рӡыргаразы алшара рзаԥҵахеит.
Ахьа Амш абар шьҭа ԥшьынтәуп аԥсабаратәи акультуратәи аҭынха аиқәырхара иазҿлымҳау аҭҵааҩцәа, афермерцәа, астудентцәеи аҭыԥантәи ауааԥсыреи реимадаразы хра злоу плошьадканы иҟалоижьҭеи.
Аусмҩаԥгатә зеиӷьаҟам ала иаанарԥшит иҭышәынтәалоу ақыҭанхамҩа, абиохкырацәара аиқәырхареи аҭыԥантәи абизнес адгылара аҭареи арегион аҿиараҿы ишцхыраагӡа дуу.
Ахьа (Castanea sativa) жәытә-натә аахыижьҭеи аԥсуа жәлар рыԥсҭазаараҿы акыр зҵазкуа аҭыԥ ааннакылон: уи амҿымаҭәахә ала аҩнқәа дыргылон, иаҿалоз ахьа традициала афатә хкқәа алырхуан, ахьара ианакәыхаалакгьы аьарақьаҭреи аԥсылареи ирсимволны иԥхьаӡан. Иахьа ахьатә бнақәа реиқәырхара азҵаара даҽа аамҭак еиԥшымкәа актуалра аҵоуп.
«Аԥсны ахьатә бнақәа реиқәырхара – акыр зҵазкуа аԥшьгароуп, уи аамҭак ала абохкырацәара аиқәырхара, аԥсабаратә ресурсқәа иҭышәынтәаланы рхархәара алыршара, аҭыԥантәи аилазаарақәа рыҿиара адгылара аҭара иацхраауеит. Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Афатә-ажәтәи ақыҭанхамҩеи реиҿкаара Аҟәа иҟоу апроекттә офис (ФАО) ас еиԥш иҟоу апроектқәа абнарақәа иҭышәынтәаланы рыҿиара ахылаԥшра аҭареи аҭыԥантәи аԥышәа жәларбжьаратәи аԥышәа ахь аинтеграциеи рзы аглобалтә стратегиа иахәҭакны иахәаԥшуеит», – ҳәа иазгәалҭеит Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Афатә-ажәтәи ақыҭанхамҩеи реиҿкаара Аҟәа иҟоу апроекттә офис (ФАО) ахада Алеқсандра Смычкович.
Аусмҩаԥгатә Аусмҩаԥгатә апроект Аусмҩаԥгатә аҿиареи аусеицуреи рзы Швеицариатәи агентра (SDC) иҟанаҵо афинанстә цхыраара иабзоураны инагӡахо «Аԥсны аҳәса-афермерцәа рекономикатә ҭышәынтәалара адгылара аҭара» ҳәа хыс измоу апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара афатә-ажәтәи ақыҭанхамҩатәи аиҿкаара (ФАО) апроекттә офис ала еиҿкаахеит.
