Print this page
сегодня 19:18

Аԥсни Псковтәи аобласти рыбжьара аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Владимир Делбеи Михаил Ведерникови.

Аҟәа. Абҵарамза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Псковтәи аобласт Анапхгареи Ареспублика Аԥсны Анапхгареи ахәаахәҭра-економикатә, анаука-техникатә, асоциал-культуратә усхкқәа рҿы жәларбжьаратәии адәныҟаекономикатәи аимадарақәа рыбжьаҵаразы аиқәшаҳаҭра рнапаҵыҩра мҩаԥыргеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Псковтәи аинформациатә Агентра.    Аусшәҟәқәа рнапы аҵарҩит Псковтәи аобласт агубернатор Михаил Ведерникови Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делбеи.

Аиԥылара аламҭалаз Михаил Ведерников аԥснытәи иколлегацәа Псковтәи аобласт аҿы бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо аделегациа инарҭбаау аусуратә мшы рзыԥшуп ҳәа иазгәеиҭеит.

«Ҳара ареспублика Аԥсны ҳанаҭаа инаркны хымз ҵит, аха сара гәахәарыла иазгәасҭоит ҳаиқәшаҳаҭрақәа зегьы анагӡара иаҿуп, ҳара ирацәаны апроектқәа ҳамоуп – еиуеиԥшым аусхкқәа рҿы жәаба инареиҳаны. Аҿартә проектқәа, аекономикеи егьырҭ ахырхарҭақәа рыла жәпаки», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит агубернатор.

Михаил Ведерников игәалаиршәеит, жьҭаарамзазы Аԥсны ишаҭааз псковтәи аусдккылаҩцәа. Урҭ хықәкы хадас ирыман ареспублика аимпорти аекспорти рпотенциал ахәшьара аҭара. Иара убас, Псковтәи аобласт аҟынтәи 15-ҩык ашколхәыҷқәа апрограмма «Аԥсныҟа аеконыҟәара» аҳәаақәа ирҭагӡаны ареспублика иаҭаахьеит.  

«Ииааиуа ашықәс азы ҳара аҿартә дипломатиа ашкол аҳәаақәа ирҭагӡаны инагӡахо апроектқәа аабаратәы алшара ҳауеит. Уи раԥхьатәи жәа-проект роуп, уи атенденциа ҳәарада иацҵахоит. Сара агәра ганы сыҟоуп иахьатәи ҳаиқәшәара иалҵшәаны ҳаԥхьаҟа иҳабжьаҳҵараны иҟоу аиқәшаҳаҭра аҿы ас еиԥш иҟоу апроектқәа еиҳа ишырацәахо», – ҳәа иажәа хыркәшо  иҳәеит Михаил Ведерников.

Иахьа иара убас рнапы аҵарҩит Урыстәылатәи Афедерациа Псковтәи аобласти Ареспублика  Аԥсны Гәдоуҭа араиони рыбжьара аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа раԥҵара азы аиқәшаҳаҭра.


Read 41 times