Print this page
12.Абҵара.2025

Азинхьчаратә усбарҭақәа Аҟәа ақалақь Абазаа рымҩала иҟалаз аинцидент аилыргара иаҿуп.

Аҟәа. Абҵарамза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы апарламенттә еилаки аҳәынҭқарра-зинтә политиказы апарламенттә еилаки инарҭбаау аилатәара  мҩаԥысит иахьа, абҵарамза 12 рзы. Аилатәара рхы аладырхәит Апарламент аҿы Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭырнак Дмитри Шамба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Дмитри Дбар,  апрокурор Хада Адгәыр Агрба.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут адепутатцәа заанаҵтәи абаллистикатә дыррақәа рыла, абҵарамза 11 рзы Аҟәа ақалақь, Гәымаа рымҩала иҟалаз ахысра аӡәы иоуп иалахәыз ҳәа адырра риҭеит.

Роберт Кьиут иажәақәа рыла, азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа иахәҭоу аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа зегьы мҩаԥыргоит.

«Иацы, 13 сааҭи 20 минуҭи инарзынаԥшуа Аҟәа ақалақь «ВИЭМ» аҳабла иахьаҵанакуа ахысра ҟалеит. Уаҟа ааха роуит хәҩык ауаа. Урҭ рахьынтә ӷәӷәала ахәрақәа роуит ҩыџьа, аӡәы иҭагылазаашьа акырӡа иуадаҩуп. Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахь адырра шыҟалаз еиԥшҵәҟьа, аоперативтә гәыԥ иаразнакҵәҟьа ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ ахь идәықәлеит. Иара убас ашьҭазаара-аплан рылҳәахеит», – ҳәа иҳәеит иара.

Аминистр иара убас адепутатцәа адырра риҭеит иахьа имҩаԥысыз аоперативтә еилатәара азы.

«Ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ аҟны иԥшаан зыхҭаларшә 9х19 мм. рҟынӡа инаӡо ф-џьазцәеи зыхҭаларшә  7,62 мм. рҟынӡа инаӡо ҩ- џьазцәеи, иара убас  ахы заахаз аихатәы аандеи арымӡ абӷакыдҵарҭеи рыхҵәарсҭақәа, аҵәаӷәанҵагатә дырганҵа зхыхыз аснаипертә винтовка «Драгунов», уи иаццоз хә-патронак зҭаз апатронаҭра, атапанчамгәа  иҭаз патронаки ахы агәыцәи егьырҭ аекспертиза зҭаху амаҭәарқәеи.  Ҳара еиуеиԥшым аверсиақәа ҭаҳҵаауеит», – ҳәа иҳәеит Роберт Кьиут.

Адепутат Кан Кәарҷиа еизаз ирзеиҭеиҳәеит абҵарамза 5 рзы Аҟәа ақалақь, Абазаа рымҩа аҿы урыстәылатәи атәылауаа алархәны иҟалаз аинцидент атәы.

«Сара уа сшыҟаз араионтә алхратә комиссиа ахь днеит аӡәгьы дыззымдыруаз ауаҩы. Уазусҭада ҳәа иоуз азҵаара иара «Аӡәгьы» ҳәа аҭак ҟаиҵеит. Иара Аԥсны атәылауаҩра шимамызгьы аӡәгьы гәхьаас имкыкәа алхыҩцәа рсиа ақәҭыхқәа ҟаиҵон. Сара уи адәахьыҟа ддәылызгеит. Сара иара убас ателеграм-канал ала алхратә комиссиақәа ргәырҽанысҵеит ахшыҩзышьҭра арҭарц аҳәаанырцәтәи аполититехнологцәа Аԥсны имҩаԥысуа алхратә процесс рҽалагалара шыҟамло азы», – ҳәа иҳәеит адепутат.

Уи иара убас адырра ҟаиҵет Урыстәыла атәылауаҩра змоу џьоукы 14–15- шықәса зхыҵуа ахбыџқәа аанкыланы акондидатцәақәак рагитациатә плакатқәа амжәаразы аԥара шрыдыргалоз.

Абҵарамза 5 рзы аоппозициа ахаҭарнакцәа рыла иаарԥшын, анаҩс Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзурахьы инаган хҩык убарҭ атәылауаа, руаӡәы адепутат Кан Кәарҷиа алхратә комиссиа аҿы диԥылахьан.

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Дмитри Дбар азинхьчаратә усбарҭақәа иҟалаз ахҭыс аҭагылазаашьақәа зегьы еилыркаауеит, иахәҭоу аусура зегьы мҩаԥыргоит ҳәа адепутатцәа адырра риҭеит.

«Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахь аӡәгьы иарбоу аус азы арзаҳал алеимҵаӡеит. Аха ҳара ари афакт азы иахәҭоу агәаҭарақәа мҩаԥаагоит», - ҳәа иҳәеит Дмитри Дбар.

Урыстәылатәи аполиттехнологцәа ргадџьетқәа рганахьала акәзар, урҭ Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзурахь иараҳнак акәымкәа, ԥыҭрак ашьҭахь ауп ианнагаз.

«Иарбоу агадџьетқәа Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аҿы игәаҭан. Аха аниуанск ыҟоуп: арҭ агадџьетқәа Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзурахьы инаргаанӡа, егьырҭ ауаа рнапаҿы иҟан», – ҳәа иҳәеит иара.

Дмитри Дбар иара убас абҵарамза 5 рзы Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахь инагаз Урыстәыла атәылауаа Аԥсны иалцаны идәықәҵан ҳәа аинформациа аҿаԥиҽит, избан акәзар уи азы аӡбарҭеи Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи рыӡбамҭа аҭахуп.  

«Иарбоу ауаа рыҿцәажәара мҩаԥган. Уажәазы урҭ Аԥсны иҟоуп, аха ҳара ҳусура уи акала иаԥырхаганы иҟам. Аԥсны атәылауаа иаразнак азинхьчаратә  усбарҭақәа ирдҵаалазҭгьы, ҳара ҳәарада уи иахәҭоу азхьаԥшра аҳҭон.  Аха аинцидент ҟалеит, – аибаԥҟара ҟазҵаз макьаназы еилкааӡам. Иарбоу Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа дара миллион мааҭ рҟынӡа аԥареи рхатәы маҭәақәеи ателефонқәеи аноутбукқәеи рцәырӷьычит ҳәа адырра ҟарҵоит. Урҭ дара рыԥҟеит ҳәа аҳәамҭақәагьы ҟарҵоит», - ҳәа иҳәеит Дмитри Дбар. Уи иарбоу аинцидент шеилыргахо, уи азы адыррақәа иаразнак ишыҟаҵахо азы адепутатцәа агәра диргеит.  

Апрокурор Хада Адгәыр Агрба аоппозициа ахаҭарнакцәа шәҟәыла арзаҳал шаларымҵазгьы апрокуратура ала ирацәаны ауаа ишрызҵаахьоу азы адепутатцәа адырра риҭеит.

«Ҳара шьҭа инықәырԥшны акәзаргьы иҟоу асахьа аабоит, еилаҳкаауеит иҟалаз», – ҳәа иҳәеит иара.

Адгәыр Агрба иара убас агадџьетқәа рымхразы Дмитри Лбар иажәақәа ирҵабыргит.

Иарбоу агадџьетқәа егьырҭ ауаа рнапаҿы ишыҟаз азы аинформациа ыҟан. Иҟоу азакәанԥҵара инақәыршәаны уахәаԥшуазар, ахԥатәи ахаҿқәа рнапаҿы иҟалар зылшо иарбанзаалак амаҭәар анаҩс заанаҵтәи аусеилыргареи аӡбаратә усеилыргареи рҿы амаҭәартә шьақәырӷәӷәага адыррақәа рныҟәгага аҳасабала ахархәара амазар алшаӡом», – ҳәа иҳәеит апрокурор Хада.

Апрокуратура уажәтәи аамҭазы Урыстәыла атәылауаа алхратә процесс ралахәра азакәантә шьаҭас иамоуи, иара убас урҭ Аԥсны иахьаҵанакуа русура азакәанреи ргәаҭара мҩаԥнагоит.

«Ҳара Амиграциатә Маҵзура ахь азыҳәамҭа дәықәаҳҵахьеит, аха макьаназы официалла аҭак ҳмоуӡацт.  Сара, прокурорк иаҳасабала исҳәарц сылшоит, дарбанызаалак аҳәаанырцәтәи атәылауаҩ ареспублика аҿы аусуразы азин иоурц ауп. Сара иахьынӡаздыруа, урҭ иарбоу азин рымаӡамызт. Убас иҟоу атәылауаа аусурахь издызкыло аусураҭаҩцәа апатентқәа рымазар ахәҭоуп. Иҳамоу аматериалқәа ҳасаб азуны исҳәарсц сылшоит административтә зинеилагара аҭыԥ шамоу. Ашьаустә цәгьоура аҟазшьа араҟа иаман иаҳбаӡом», – ҳәа иазгәеиҭеит Адгәыр Агрба.

Апрокурор Хада иара убас апрокуратура аҿы зыӡбахә ҳамоу хҩык атәылауаа рырзаҳалқәа шьҭоуп ҳәа адырра ҟаиҵеит. Урҭ рганахьала амч ахархәара аҭыԥ аман, аԥаратә хархәагақәеи рхатәы маҭәақәеи рымырхит ҳәа иашшуеит.

«Иара иарбоу атәылауаа ареспублика аҿы иҟаӡам. Арҭ арзаҳалқәа азакәантә ҟазшьа рыҭаразы дара рхаҭа алархәны аусеилыргаратәи аусмҩаԥгаратәи ауснагӡатәқәак мҩаԥгатәуп», - ҳәа иҳәеит Адгәыр Агрба.  

Урыстәыла атәылауаа рганахьала амч ахархәара аҭыԥ аман ҳәа иҟоу адырра аганахьала акәзар, уи, апрокурор Хада иажәақәа рыла, аматериалқәа зегьы инҭырҳәцааны рыҭҵаара ашьҭахь аобективтә ахәшьара аҭахоит.

Анаҩс аилатәара иацҵахеит ажурналистцәа аламырхәӡакәа.

 

 

 

 

 


Read 46 times