Print this page
12.Абҵара.2025

Ҳазҭоу ашықәс 10 мыз рзы Аԥсны ахатәы хашәалахәқәа реицҵалыҵ 16,2 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡеит.

Аҟәа. Абҵарамза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. 2025 шықәса 10 мыз рыла Аԥсны аҳәынҭқарратә биуџьет ахашәалахәытә хәҭа 16 млрд. 235,5  млн.  мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Уи иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар 2 млрд 958,5 млн. мааҭ рыла еиҳауп, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит.

Ҳазҭоу ашықәс 10 мыз рыла ахатәы хашәалахәқәа реицҵалыҵ 10 млрд. 588,3 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит, урыстәылатәи афинанстә цхыраара  – 5 млрд. 647,2 млн. мааҭ. рҟынӡа инаӡеит.


Read 64 times