Print this page
11.Абҵара.2025

Ишьақәырӷәӷәоуп Аарыхратә мзар.

Аҟәа. Абҵарамза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҿы 2026 шықәсазы Аарыхратә мзар шьақәдырӷәӷәеит.  

Аԥсшьарамшқәеи аныҳәатә иусуратәым амшқәеи реиқәшәара инамаданы 2026 шықәсазы абарҭ аԥсшьарамшқәа ииагахоит:

– ажьырнаҳәамза 3 (асабша) аҟынтәи ажьырныҳәамза  9 (ахәаша) ахь;

– ажьырныҳәамза 4 (амҽыша) абҵарамза 27 (ахәаша) ахь;

– хәажәкырамза 8 (амҽыша) аҟынтәи хәажәкырамза 9 (ашәахьа) ахь;

– мшаԥымза 12 (амҽыша) аҟынтәи мшаԥымза 13 (ашәахьа) ахь;

– лаҵарамза 9 (асабша) аҟынтәи лаҵарамза 11 (ашәахьа) ахь;

– лаҵарамза 23 (асабша) аҟынтәи лаҵарамза 25 (ашәахьа) ахь.

Асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи Рминистрра 2026 шықәсазы аԥсылмантә амзатә мзар ала Кәырбанныҳәа азгәаҭара арыцхә аҟынӡа амзартә жәамш шыбжьоу уи азы аинформациа аминистрцәа Реилазаара ахь анашьҭразы адҵа аҭоуп.   

***

Ареспублика Аԥсны аныҳәатә мшқәеи агәалашәаратә рыцхәқәеи  «Ареспублика Аԥсны аныҳәатәи агәалашәаратәи амшқәа рзы» Ареспублика Аԥсны Азакәан инақәыршәаны Аарыхратә  амзар аҿы иарбахоит.


Read 241 times - Ахәаша, 14 Абҵара 2025 23:41