Print this page
14.Жьҭаара.2022

АИУБИЛЕИ АЗГӘАҬАРА ИНАМАДАНЫ ААУ АШҬАҾЫ АҴЛА ЕИҬАРҲАИТ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет афоие аҿы аус аура иалагеит ААУ аҟазара аҟәша, сынтәа инаркны аҟазара афакультет ала есышықәа еиҿкаахо VII Жәларбжьаратәи арт-планер «Аԥснытәи ҭагалан аԥшшәхәқәа-2022ш.» иалахәыз русумҭақәа рцәыргақәҵа.

Ауниверситет аиубилеи азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхара азы иааз асасцәа ацәыргақәҵа ахь ицәыргаз аусумҭақәа ирыхәаԥшит, анаҩс дара иара убас Ауниверситет аректор Алеко Гәарамиа ицны аҵараиурҭа аиубилеи инамаданы аҵла – 15 - 18 метра рҟынӡа изызҳауа аџьҵла еиҭарҳаит.  


Read 448 times - Асабша, 15 Жьҭаара 2022 17:28