Print this page
11.Абҵара.2025

Бадра Гәынба азинхьчаратә усбарҭақәа рахь адҵа ҟаиҵеит Аҟәа иҟалаз аиҿахысра иалахәыз рышьақәыргыларазы зыда ԥсыхәа ыҟам ауснагӡатәқәа зегьы рынагӡаразы.

Аҟәа. Абҵарамза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба иахьа Аҟәа ақалақь аҟны иҟалаз аиҿахысразы адырра ирҭеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра арбагақәа рыла, хәҩык еиуеиԥшым ахәрақәа роуит, руаӡәк иҭагылазаашьа бааԥсуп.

Аҳәынҭқарра Ахада азинхьчаратә усбарҭақәа рахь адҵа ҟаиҵеит ацәгьоура ашьақәыргыларазы зыда ԥсыхәа ыҟам ауснагӡатәқәа зегьы рынагӡаразы, иалахәу ахаҿқәа раанкыларазы, аусҭҵаара алҵшәақәа рзы лассы иара адырра иҭаразы.

Бадра Гәынба агәабзиарахьчара Аминистрра анапы ианиҵеит ихәу иахәҭоу амедицинатә цхыраара рыҭареи аҭагылазаашьа ахылаԥшра алыршареи  рзы.

 

 


Read 212 times