Џьорџь Хьиуитт Кавказ ажәларқәа рҭоурых, рбызшәақәеи ркультуреи азы, ақырҭуа, агыруа, аԥсуа бызшәақәа рыграмматикақәа рзы анаукатә ҭҵаарақәа жәпакы дравторуп.
Џьорџь иаб – Томас Дуглас Хьиуитт, иани иаби хҩык иашьцәеи дрыцны, инхон Ливерпуль аӡиас Мерси аԥшаҳәаҿы, 1915 шықәсазы иаб ҭыӡшәак аҿы дыршьаанӡа. Уи ашьҭахь аҭаацәара ауадаҩра дуқәа рызцәырҵит. Томаси иашьаки шықәсқәак ҳәа Австралиаҟагьы ацара рықәшәеит. Аха 1933 шықәсазы Томас Дуглас Хьиуитт зегь акоуп иԥсадгьылахь, Англиаҟа дхынҳәит. Иашьа Австралиа дшыҟаз дагьаанхеит. Апрофессор Џьорџь Хьиуитт ихаҭа иахьа ихәыҷра даназааҭагло иазгәеиҭоит «акыр дыбжьахны» дшырааӡоз атәы. Иара ахала аҟазаара бзиа ибон, хәыҷык дуаҩымуан уҳәаргьы ауеит. Хьиуиттаа рҭаацәара рхатә машьына рымамызт, убри аҟнытә аԥсшьараамҭа анроуазгьы хара изцомызт – еиҳарак иахьцоз Ливерпуль инхоз иаб иуацәа рахь акәын. Убри ақалақь Џьорџь хәыҷы еснагь еиҳа бзиа ибон иара дахьииз-дахьааӡаз Донкастер аасҭагьы.
Абызшәақәа рыҭҵаара Џьорџь Хьиуитт даныхәыҷыз аахыс дазҿлымҳахахьан арԥарцәа Донкастертәи рграмматикатә школ данҭаз инаркны. Аҵарауаҩ ихаҭа ишазгәеиҭо ала, иара идырым абызшәақәа зыҭҵаара ахәҭоу ахыԥҽыгаҵас дахәаԥшуан, уи акыр аинтерес икуан. Хыхь ишаҳҳәахьоу еиԥш, Донкастер аҷкәынцәа рзы Аграмматикатә школ аҿы аҵара аниҵоз Џьорџь Хьиуитт қәыԥш абызшәақәа шицааиуаз гәеиҭеит. Абызшәа – ауаа реимадара алзыршо акы аҳасабала еиԥш иара дазҿлымҳамызт, дуаҩымуа дахьыҟаз азыҳәан. Еиҳаракгьы Хьиуитт абызшәақәа дышрызнеиуаз «имаӡаркыроу», идырым, еилкаатәу ахыԥҽыгақәа реиԥш акәын. Иара иҵара ахԥатәи ашықәс азы ажәытә бырзен бызшәа аҵара далагеит, ус дышнеиуаз алаҭин бызшәеи абырзен бызшәеи афранцыз бызшәеи анемец бызшәеи еиликаауа аҟнынӡа днеит. Англыз бызшәалоума иарбанзаалак даҽа бызшәак алоума ауаа рацәажәара ахаангьы интересс ахьимамыз аҟнытә, 18 шықәса анихыҵуаз инҭырҳәцааны иҵарц азы иалихит [иԥсхьоу] алаҭин бызшәеи ажәытә бырзен бызшәеи, иара убасгьы ажәытәтәи аҭоурых. 1972 шықәсазы Џьорџь Хьиуитт далгеит Кембриџь иҟоу Иоанн Ацқьа ихьӡ зху аколлеџь (агуманитартә классикатә ҭҵаарадыррақәа русхк аҟны Артур Генри Томас истипендиа иоуан). 1973 шықәсазы алингвист идиплом иоуит, 1976 шықәсазы – дмагистрхеит. 1969-1972 шш. раан аҵара иҵон Кембриџь Аԥшьа Иоанн иколлеџь аҟны 1971 ш. дрыԥсахеит Ренох иуниверситет аҟны Џьон Стиуарт, иара убас Греивз Коллеџь рстипендиақәа. 1972 ш. абакалавр дахысуан. 1972-1973 шш. рзы аклассикатә ҭҵаарадыррақәа русхк аганахьала Уорр истипендиа иоуан. 1973 ш. алингвист идиплом иоуит, 1976 ш. – магистрын, 1982 ш. – аҭҵаарадыррақәа дркандидатхеит.
Џьорџь Хьиуитт Кавказтәи абызшәақәа рыҭҵаараҿы илихыз амҩа мариамызт, аха даараӡа аинтерес аҵан. Кембриџь ауниверситет дҭанаҵы индоевропатәи абызшәақәа ихы рзышьҭны рыҭҵаара дшаҿыз, Џьорџь Хьиуитт абри ахырхарҭала британиатәи аспециалист ду, уаанӡа Кембриџьтәи ауниверситет апрофессор, асер Гаролдь Беили иӡбахә иаҳаит, уи усҟан асанскрит ҭиҵаауан. Дара 1973 шықәса инаркны 1996 шықәсазы аҵарауаҩ иԥсҭазаара далҵаанӡа даара еаиҿцаауан. Иара иоуп Џьорџь Хьиуитт иазҳәаз Британиа ҽеишәа иҭҵаамкәа инханы ишыҟоу индоевропатәи абызшәақәа ҩба – алитовтәи бызшәеи, аерман бызшәеи. Убас, Џьорџь Хьиуитт ажәытә ерман бызшәа аҭҵаара далагеит, ҽнак зны иара уи апрофессор Беили убас иаиҳәаанӡа: аерман бызшәа ҭуҵаауазар уи иазааигәоу абызшәақәагьы ургәылаԥшроуп ҳәа. Нас қырҭшәала иҩыз ашәҟәы наииркит. «Абри ашәҟәы санынахәаԥш иаразнакала анбанқәа сыԥсы рылахеит. Даҽа ҩышықәса раҟара аерман бызшәа иазку аматериалқәа шеизызгозгьы, саамҭа еиҳа-еиҳа ақырҭшәеи егьырҭ кавказтәи абызшәақәеи ирықәсырӡуа салагеит. Урҭ индоевропатәи абызшәақәа рахь иаҵанакуамызт, аха еиҳагьы иуадаҩын, убри аҟнытә алингвист изы еиҳа аинтерес цәырырго иҟан», - ҳәа игәалаиршәоит Џьорџь Хьиуитт.
Арҭ абызшәа ҿыцқәа дыргәылахаланы Џьорџь Хьиуитт иӡбоит ҭырқәтәылатәи Анатолиаҟа ицатәуп ҳәа. «Ҭырқәтәыла ииз сҩыза ачерқьес ила 1974 шықәсазы сара снанагеит ачерқьес қыҭа Демирқы. Уаантәи сеихеит аубых бызшәала ицәажәоз дуԥшаар ахьауаз аҵыхәтәантәи ақыҭахь. Сара сцара маҷк шагыз Сҭамԥыл исырҭеит аубых бызшәа здыруаз аҵыхәтәантәи ауаҩԥсы иҷкәын иҭел», - абас игәалаиршәоит апрофессор Хьиуитт Тевфик Есенч иӡбахә раԥхьаӡа ишиаҳаз. Апрофессор иажәақәа рыла, иараӡәк иакәын – аубых жәлар рцынҵәарах – зхатәы бызшәала ацәажәара зылшоз. Хьиуитт усҟан Есенч Сҭамԥыл диԥшааит, хәымш иара иҿы дыҟан, иажәаҳәа аниҵон. Ари анҵамҭа иахьа изҭаху иоуртә иҟоуп апрофессор Хьиуитт исаит аҟны.
1975 шықәсазы Џьорџь Хьиуитт илиршеит ақырҭшәеи егьырҭ дзызҿлымҳахаз кавказтәи абызшәақәеи (еиҳаракгьы ачерқьес бызшәа) рҵаразы Қарҭҟа дрышьҭыртә аҟаҵара. Аха уа дахьнеиз англыз бызшәала ачерқьес бызшәа иалацәажәашаз ҳәа уаҩ дизымԥшааит. Аха аҵарауаҩ қәыԥш дырԥылеит англыз бызшәала аԥсуа бызшәа алацәажәара иақәшаҳаҭхаз Аԥснынтәи аспиранткацәа ҩыџьа – Заира Хьиԥҳаи, Аза Иналԥҳаи. Ҩышықәса ааҵуаны Заира ԥҳәысс дааигоит. Абас џьашьахәыла Џьорџь Хьиуитт илингвистикатә интересқәа иаарыхәҭакхеит аԥсуа бызшәагьы.
Џьорџь Хьиуитт раԥхьаӡа акәны Аԥсныҟа дааит 1976 шықәса, мшаԥымзазы: дааит Қарҭынтәи Аҟәаҟа автобусла, дагьаангылеит иахьазы ибылны игылоу асасааирҭа «Абхазиа» аҟны. Иара ибзиаӡаны игәалашәоит раԥхьаӡа акәны иибаз ақалақь изцәырнагаз ацәаныррақәа. Хьиуитт раԥхьаӡатәи Аԥсны иаҭаара иалагӡаны драбадырит иналукааша аԥсуа ҵарауаа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан – Шьалуа Инал-Иԥа, Гьаргь Ӡиӡариа, Константин Шьаҟрыл, Сергеи Зыхәба уҳәа убас егьырҭгьы. Иара лингвистк иаҳасабала раԥхьаӡа иргыланы дзызҿлымҳаз аԥсуа бызшәа иазкыз азҵаарақәа ракәын. Араҟа иҳәатәуп, иахьазы апрофессор ибзиаӡаны аԥсшәеи ақырҭшәеи рыла дышцәажәо, аха иара ихаҭа ихы ӡырымгакәа иазгәеиҭоит «ауаа дара рбызшәала срацәажәартә сыҟоуп ауп», ҳәа, насгьы иациҵоит инагӡаны иидыруа бызшәа заҵәык шакәу – уи ангылз бызшәоуп.
Апрофессор Џьорџь Хьиуитти уи иԥҳәыс Заира Хьиԥҳаи аус адырулон акыр зҵазкуаз аԥсуа бызшәа арҵагатә цхыраагӡақәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп: «Аԥсуа бызшәа» (ҩ-томк), «Аԥсуа газеҭқәа рыԥхьаразы ацхыраагӡа», «Аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа» (Зураб Џьапуеи иареи еицеиқәдыршәеит), «Аԥсуа жәлартә традицақәа рдаҟьақәа», «Аԥсуа бызшәа ахаларҵага».
Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993 шықәсқәа – аред.) алагаанӡа апрофессор Хьиуитти, иԥшәмаԥҳәыси, ҩыџьа иԥҳацәеи иманы есышықәса Аԥсны даҭаауан, Очамчыра инхо иԥшәмаԥҳәыс лҭаацәараҿы хымз инарзынаԥшуа рыԥсы ршьон. 1989 шықәсазы аԥсуааи ақырҭқәеи рыбжьара иҟалаз аидысларақәа хаҭала избаз, насгьы аҩ-жәларык реизыҟазаашьақәа иаарласны аицәахара ишаҿу еилызкаауаз Џьорџь Хьиуитт, ԥхынгәымзазы ақырҭуа жәлар рахь иҩуеит иаарту ашәҟәы. Уи аҟны иара иаартны дрылацәажәоит игәы ԥызжәоз ақырҭқәа егьырҭ ажәларқәа ирҿагыланы иаԥшьыргоз ашовинисттә, анационалисттә қәгыларақәа. Араҟа иазгәаҭатәуп, ари асаламшәҟәы анцәырҵуаз аамҭазы, апрофессор Хьиуитт Қырҭтәыла зегь реиҳа пату зқәыз аҳәаанырцәтәи кавказҭҵааҩцәа дшырхыԥхьаӡалаз. Иара изы Қарҭ ашәқәа зегь аартын, иара дықәгылон қырҭшәала ақырҭуа телехәаԥшрала, уи, ҳәарада, атәылауаа зегьы хнахит. Аха исаламшәҟәы аамышьҭахь иара изы Қырҭтәылаҟа амҩа акит. Хьиуитт официалла «ақырҭуа жәлар раӷа» ҳәа ахьӡ ихҵан. Убас акәын ишыҟаз усҟантәи иуадаҩыз аамҭақәа рзы апрофессор Џьорџь Хьиуитт иникылаз ахаҵареи агәымшәареи зцыз аппозициа.
Апрофессор џьара аҭыӡшәа аҟаҵара дашьҭаӡамызт, хықәкысгьы имаз даҽак аакәын, уи иҭахын, ақырҭқәа рҿы имаз ахьӡи апатуи рыбзоурала уи атәылаҿы «ахы зхагылаз» ауааԥсыра ргәы архаҵара, Мераб Костава, Звиад Гамсахәырдиа, Гиа Чанҭуриа, Иракли Ҵереҭелиа реиԥш иҟоу аппозиционерцәа ирхылҵуаз ашовинизм зегьы арбгар шалшо атәы иазхәыцырц, еилыркаарц. Аха, рыцҳарас иҟалаз, уи аамҭазы «ахы зхагылаз» ауаа ыҟамызт, зегьы ирдыруеит, аԥсуааи, ауаԥсааи, дара ақырҭқәеи рзы уи ашовинизм иахылҿиааз арыцҳарақәа ртәы. Убас акәын ишыҟаз усҟантәи иуадаҩыз аамҭақәа рзы апрофессор Џьорџь Хьиуитт иникылаз ахаҵареи агәымшәареи зцыз аппозициа.
Аибашьра анеилга ашьҭахь Џьорџь Хьиуитт иҭаацәара Аԥсны иаҭаауеит 1996 шықәсазы. Џьорџьи Заиреи рыԥҳацәа аԥсуа хьыӡқәа рымоуп – Амра, Гәында. Аӡӷабцәа ибзиаӡаны, егьырҭ еиуеиԥшым абызшәақәа реиԥшҵәҟьа, аԥсшәа рдыруеит. Иахьазы апрофессор Хьиуитт дабдухахьеит, ԥшьҩык амоҭацәа имоуп – Александра, Анна Џьоан, Софиа, Николь. Урҭ зегьы х-тәылак иртәылауаҩны иҟоуп – Аԥсны, Британиа Ду, Урыстәыла. Џьорџь Хьиуитт ихаҭа Аԥсны датәылауаҩны дҟалеит Сергеи Багаԥшь атәыла ахадас даныҟаз аамҭазы. 1997 шықәазы иара Аԥсны анаукақәа Ракадемиа ҳаҭыр зқәу алахәыланы дҟалеит, фы-шықәса рышьҭахь – Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәылас. Иара убасгьы 2004 шықәса рзы иара ианашьахеит Аԥсны иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа – «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара.
___
Аинформациатә маҵзура «Аԥсныпресс» аколлектив Џьорџь Хьиуитт иира Амш идныҳәало изеиӷьаршьоит агәабиара, агәамч, аԥсуа ишықәснҵыра ду, инапы злаку аус аҿы аманшәалареи ақәҿиарақәеи.
