Аԥсны ҷыдала ҳаҭырла ишәзыҟоуп Шәара, ҳажәлар ҩызара рзызуа, иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩык иаҳасабала.
Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит Аԥсни Никарагуеи ирыбжьоу аиҩызара бзиеи аилибакаареи, иагьҳхашҭӡом Шәара шәтәыла раԥхьаӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхазҵаз атәылақәа ишыруаку», - ҳәа иаҳәоит адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы.
Бадра Гәынба Даниель Ортеге агәабзиара, агәамч, ашықәснҵыра ду, Никарагәуа ажәлар реиҳазыӷьара иазырхоу иусура аҿы аиәьӡарақәеи аманшәалареи изеиӷьаишьеит.
Уи иара убас ари арыцхә лыдиныҳәалеит Никарагуа Ареспублика ацнапхгаҩы, ҳаҭыр зқәу Росарио Мурильо, иара убас атәыла иқәынхо ажәлар зегьы аҭынчреи аизҳазыӷьареи рзеиӷьаишьеит.
«Ҳаҭыр зқәу Ахада шәхацкы, гәык-ԥсык ала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ақәранҵыра ду, агәамч, Никарагуа ажәлар реизҳазыӷьара ахьӡала аихьӡара ҿыцқәа. Иара убас гәыкала илыдысныҳәалоит ари арыцхә Никарагуа Ареспублика ацнапхгаҩы, ҳаҭыр зқәу Росарио Мурильо, иара убас шәтәыла иқәынхо ажәлар зегьы ирыдыскылоит аҭынчра, аизҳазыӷьара», - ҳәа иазгәеиҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба.
