Аспорттә журналист Алеқсандр Бочнев аԥснытәи ахәмарҩцәа рыхәмаршьа иалоу аҷыдарақәа азгәеиҭеит. Аматч иреиӷьу ахәмарҩы ҳәа далкаахеит Емир Бебиа.
Акоманда «Гагра» (2016 шықәса рзы ииз аспортсменцәа рыла еилоу) атурнир аԥшәмацәа – акоманда «Спарта-2» (2016 шықәса рзы ииз аспортсменцәа рыла еилоу) – асчиот 2:1 ҳәа иаиааит. Аматч иреиӷьу адәытә хәмарҩы ҳәа далкаахеит Ераст Сангәулиа, иреиӷьу амбахьчаҩ– Максим Иакимиди.
Гагра еизгоу акоманда даҽа ԥшь-матчк мҩаԥнагараны иҟоуп. Ашьапылампыласыҩцәа аицлабрақәа активла рҽазыҟарҵоит.
«Ҳара есымша зыҩаӡара ҳараку ахәмарра амҩаԥгара ҳҽазаҳкуеит, ишахәҭоу ала ҳаԥсадгьыл ахаҭарнакра анагӡара азы, ҳаспортсменцәа рылшара нагӡаны аарԥшра азы», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит азыҟаҵаҩ Виторио Куциа.
«Аҷкәынцәа ара иҟоу амш ргәаԥхоит, уи зынӡа рыҩны иҟоу еиԥшуп рҳәоит, дара агәра ганы иҟоуп аиааира агара шрылшо», – ҳәа иазгәеиҭеит Алеқсандр Бочнев.
Аԥснытәи аспортсменцәа рықәгылара илаԥш ахыуп аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Ҭарашь Ҳагба. Иара убас ҳәарада, аспорт абзиабаҩцәагьы ргәы хыҭхәыҭуа бзи ирбо акоманда аиааира иазыԥшуп.
