«Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа ииашаны аҳәынҭқарратә институтқәа рсистемаҟны иҷыдоу аҭыԥ ааныркылоит аҭышәынтәалара, атәылауаа рзинқәеи ринтересқәеи рыхьчара алыршо, амҩақәа рыҟны ашәарҭадара хылаԥшра аҭо, ацәгьоура, изакәанымкәа анаркотикқәа рыларҵәара аҿагыларала», – ҳәа иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Аҳәынҭқарра Ахада атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рҿы ҳаҭырқәҵарала иеиқәырханы иаарго атрадициақәа шыҟоу инаҵшьны иазгәеиҭеит.
«Аԥсны амилициа ҳаҭырқәҵарала иеиқәырханы иааргоит аиҳабацәа рабиԥара иаԥырҵаз хьӡи-ԥшеи змоу атрадициақәа. Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа рыҩныҵҟа иҟоуп ҳаԥсадгьыл иуадаҩыз аамҭақәа раан агәымшәареи афырхаҵареи аазырԥшыз Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа аӡәырҩы. Ирацәаҩуп урҭ рахьтә ҳ-Аԥсадгьыл Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зхы ақәызҵаз. Урҭ рфырхаҵара хашҭра ақәымкәа ҳажәлар ргәалашәараҟны иҟазаауеит», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Бадра Гәынба.
Иара ҷыдала иҭабуп ҳәа реиҳәоит ААР аусзуҩцәа аиҳабыратәи абиԥара ааԥсарада зԥышәеи здырреи аҿар ирымаздо, шықәсарацәала рмаҵзуратә уалԥшьа ҭакԥхықәрала аныҟәгара рылазааӡо.
«Иахьа аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рҿаԥхьа иқәгылоуп аҵак ду змоу ауснагӡатәқәа: аусура ахаҭабзиара ашьҭыхра, алеишәа арӷәӷәара, азанааҭтә зыҟаҵара аиӷьтәра, ҳаамҭазтәи аметодқәеи азинлеишәа алыршаразы ахархәагақәеи ралагалара. Иалыршоу маҷӡам, аха аԥхьаҟа иҟаҵатәугьы рацәоуп», - ҳәа иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Аҳәынҭқарра Ахада аҳәынҭқарра ҷыдала хшыҩзышьҭра анаҭоит аҩныҵҟатәи аусбарҭақәа рматериал-техникатә еиқәыршәареи аусзуҩцәеи урҭ рҭаацәеи асоциалтә дгылара рыҭареи реиԥш иҟоу азҵаарақәа ҳәа иазгәеиҭеит иқәгылараҿы.
Бадра Гәынба аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберту Кьиут Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟала ишьақәырӷәӷәоу аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра абираҟ ҿыц ииҭеит.
Аҳәынҭқарра Ахада иара убас аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа амилициа аинрал-маиор ҳәа изаамҭанытәиу ахьӡ ианеишьеит.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа аветеранцәеи ахатәы еилазаареи дрыдныҳәалеит.
Иара ари аныҳәамш амзар аҿы баша рыцхәны ишыҟам, ари амш гәыкала, ламысла азанааҭтә уалԥшьа анагӡареи, афырхаҵареи ахацәнымырхареи, есыҽны атәыла ашәарҭадареи азакәанеиҿкаареи рыхьчараҿы игылоу рџьабааи иасимволны иҟоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
Аминистр Ареспублика Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа аԥышәарақәа рыла иӡрыжәу ибеиоу аҭоурых азгәеиҭеит:
«Ареспублика Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа аԥышәарақәа рыла иӡрыжәу ибеиоу аҭоурых рымоуп, ҳара иаҳгәалашәоит ахьыԥшымра азықәԥара ашықәсқәа раан ҳусзуҩцәа рыжәҩахыр еибыҭа ажәлар ирыдгыланы ахақәиҭреи асуверенитети ишазықәԥоз. Аӡәырҩы шәара шәҟынтәи, ҳаҭыр зқәу аветеранцәа, усҟантәи афырхаҵаратә хҭысқәа раан хшаҭарак ҟамҵакәа ажәлар ирылагылан.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр уи хәызмаӡам ҭынхоуп уажәтәи абиԥара азы ҳәа иазгәеиҭеит:
«Иахьа, аҭынч аамҭа аныҟоу, ҳара гәадурала ари ахьӡ-аԥша зцу атрадициа иацаҳҵоит, ауаажәларра рыҩнҵҟа аҭынчреи аҭышәынтәалареи рыхьчара ҳаҿуп».
Роберт Кьиут иазгәеиҭеит иара убас иҳаҩсуа ашықәс азы Ареспублика Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра акыр аихьӡарақәа шаадырԥшыз. Аусзуҩцәа рзанааҭдырреи роперативреи ирыбзоураны ацәгьоурақәа рҿагылара иазку аусура арӷәӷәареи, азинеилагарақәа рырмаҷреи алыршахеит.
«Ҷыдала иазгәасҭарц сҭахуп аҵак ду змоу ауаажәларратә усмҩаԥгатәқәа раан – алхрақа инадыркны аныҳәақәа рҟынӡа ауаажәларратә зинеиҿкаараҿы амилициа аусзуҩцәа рлагала. Шәара есыҽны инашәыгӡо аусура иабзоураны Аԥсны атәылауаа ҭынч анхара, ахәыҷқәа рааӡара, ԥхьаҟатәи аԥеиԥш бзиа агәрагара азы алшара роуеит», – ҳәа ахатәы еилазаара ахь ихы рханы иҳәеит аминистр.
Уи иара убас жәларбжьаратәи аусеицура активра аҿиара ишаҿу азы адырра ҟаиҵеит:
«Аиҩызаратә ҳәынҭқаррақәа рҟынтәи ҳколлегацәеи ҳареи аԥышәеимадара ҳабжьоуп, уи ҳәарада ҳаамҭа ицәырнаго ауадаҩрақәа глобалла рҿагылара аҿы ҳалшарақәеи ҳпозициақәеи арӷәӷәоит. Араҟа иҷыдоу ароль нанагӡоит Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи ҳареи иҳабжьоу хра злоу аусеицура».
Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахаҭарнак Сергеи Голенков Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ – астатс-маӡаныҟәгаҩ Игор Зубов иҟынтәи адныҳәаларатә цҳамҭа даԥхьеит:
«Ари зыԥсҭазаара зегьы Аԥсадгьыл амаҵзура, азинеиҿкаара арӷәӷәара, атәылеи атәылауааи ршәарҭадара аиҿкаара иазызкыз ахаҵара злоу ауаа рныҳәа ауп. Агәра ганы сыҟоуп ҳхылаԥшырҭақәа рыбжьара иҟоу аизыҟазаашьақәа аринахысгьы еиҳа-еиҳа аҽшарӷәӷәало, урҭ ҳҳәынҭқаррақәеи ҳажәларқәеи реизҳазыӷьаразы ишыҿиало. Роберт Витали-иԥа,Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа аветеранцәеи аусзуҩцәеи зегьы гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аизҳазыӷьара, ашықәснҵыра ду, шәнапы злаку аус ду аҿы ақәҿиарақәа».
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәыоатәи еибашьра иалахәыз аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аветеранцәа Рассоциациа ахантәаҩы, ԥхьатәара иҟоу амилициа аполковник Аслан Дгьебиа аибашьраан Аԥсни аԥсуа жәлари рыхьчаразы игылаз амилициа аусзуҩцәа игәалаиршәеит.
«Аибашьраҿы иҭахеит 41 -ҩык, 72-ҩык аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы амаҵуратә уалԥшьа анагӡараан иҭахеит. 28-ҩык аҩныҵҟатәи аусқәа русзуҩцәа "Аԥсны Афырхаҵа" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ранашьахеит, урҭ рахьынтә ааҩык аибашьраан иҭахеит, быжьҩык – амаҵуратә уалԥшьа анагӡараан», –ҳәа иҳәеит Аслан Дгьебиа.
Уи иазгәеиҭеит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра урҭ ргәалашәара анаунагӡатәразы иалшо зегьы шыҟанаҵо.
«Ҳара урҭ рус наҳагӡароуп», - ҳәа иҳәеит иара.
Аныҳәатә еизара иалахәыз Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра иазку адокументалтә фильм дырбан.
Анаҩс имҩаԥысит авокал-инструменталтә ансамбль «Гәында», ахәыҷтәы хореографиатә ансамбль «Абаза», иара убас жәлар рыкәашаразы Аҳәынҭқарратә ансамбль «Кавказ» злахәыз инарҭбаау аконцерттә программа.
Амилициа аусзуҩцәа ирыдныҳәаларц арахь иааит Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, атәыла аԥыза-министр Владимир Делба, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Дмитри Шамба, атәыла Анапхгара алахәылацәа, Жәлар Резара-Апарламент адепутатцәа, апрокурор Хада Адгәыр Агрба, Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба.
