Print this page
10.Абҵара.2025

Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Одиссеи Аџьынџьал ихкытә концерт мҩаԥысит Москва ақалақь аҿы.

Аҟәа. Абҵарамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 9 рзы, Москва ақалақь, «Лиудмила Соколова лмиузик-холл» аҿы Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Одиссеи Аџьынџьал ихкытә концерт мҩаԥысит.

Одиссеи ихаҭа ишазгәеиҭаз ала, ари акыр аамҭа иазԥхьагәаҭан имаз, зыпрограмма ҭбааз концертын. Ахкытә концерт иҷыдоу сасцәаны иаҭааит Лиудмила Соколова, Валериа Белова, Сабина Шамсет, Валери Стронски, иара убас ателепроект «Ты супер!» аҿы аиааира згаз Валериа Адлеиба.

«Ахәаԥшцәа даара иргәаԥхеит, ишанхеит, ахҳәаа бзиақәа ҟарҵеит. Азал аҿы иҟан Аԥснынтәи ҷыдала Одиссеи Аџьынџьал иконцерт ахь иааз асасцәа», – ҳәа еиҭалҳәеит аконцерт аиҿкааҩ хада Виктория Какалиа.

Викториа Какалиа лажәақәа рыла, арепертуар еиуеиԥшымызт. Одиссеи урысшәала, англыз, аиталиантә, аиспаниатә, уҳәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла адунеитә хитқәеи ихатә композициақәеи наигӡеит, аԥсышәалагьы уахь иналаҵаны.

Лера Адлеибеи Одиссеи Аџьынџьали еицырҳәеит аҿар ргимн ҳәа изышьҭоу ашәа- «Иҭбаауп адунеи». Одиссеи иԥеи иԥҳаи асиурприз ҳасабла раб аԥсуа кәашара изынарыгӡеит.

Викториа Какалиа иҟалҵаз адыррақәа рыла, Одиссеи Аџьынџьал ихкытә концерт иԥсадгьыл –Аԥсны 2026 шықәсазы имҩаԥысраны иҟоуп.

«Одиссеи Аџьынџьал – ари ззанааҭтә ҟазара ҳараку ашәаҳәаҩ шьахә иоуп, иара аиашазы двиртуозуп, асценаҿы уи асценаҿы аклассикатә естрада ахьтәы хитқәеи аџьазтә експромтқәеи амузыкатә дуетқәеи ҟазарыла  еицынаигӡоит. Иара ибжьы аамҭак ала ататареи абжьыҭаҟҟареи еицныԥшуеит, убри ала уи акы иаламҩашьо атембр ахылҿиаауеит, уи, ҳәарада азыӡырҩы игәаҵанӡа имнеир залшаӡом. Иара имузыка ианыԥшуеит ашьхақәа рыԥсы, амшын аҳәаадареи амра ашәахәақәа рыхаареи», - ҳәа иазгәаҭоуп амиузк-холл асаит адырраҭара аҿы.

Одиссеи Аџьынџьал данқәыԥшыз инаркны амузыка игәы азцон, 1992-1993шш.  Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аналага иара авокалтә ансамбль «ТОМиФ» дацны Ҭырқәтәылаҟа агастролқәа рҿы дыҟан. Иԥсадгьыл ахь даныхынҳә, иара иаразнак уи ахьчаҩцәа даарывагылеит, аибашьра зегьы ихигеит. Аибашьраан, аибашьратә хҭысқәа анеихсыӷьуаз аамҭа ихы иархәаны Одиссеи агитара аашьҭыхны бзиа иибоз ашәақәа рҳәара далагон.

Аибашьра ашьҭахь, 1994 шықәсазы, Одиссеи аконкурс «Кавказ иқәыԥшу абыжьқәа» («Молодые голоса Кавказа») аҿы Гран-при даиааит, 1999 шықәсазы зыхьӡ нагоу урыстәылатәи ателехәаԥшратә аконкурс «Жәҩан ахь амардуан» («Лестница в небо»» алауреатс дҟалеит.  Одиссеи иҟыбаҩ атәы еилыркааит иԥсадгьыл анҭыҵ хара: иара ирацәаны аконцертқәа иманы Европа атәылақәа дырҭааит, — Германиа, Англиа, уҳәа егьырҭ атәылақәа жәпакы рҿы  иара гәахәара дула дрыдыркылон аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа.

 

 

 

 

 

 


Read 31 times