Print this page
10.Абҵара.2025

Роберт Кьиут атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аветеранцәеи ахатәы еилазаареи амилициа Амшныҳәа рыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Абҵарамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аветеранцәеи ахатәы еилазаареи амилициа Амш рыдиныҳәалеит.

Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа 104 -шықәса ахыҵра иазкны Р. Гәымба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә филармониа аҿы имҩаԥысыз аныҳәатә усмҩаԥгатә аҿы дықәгыло иара ари амш амзар аҿы баша рыцхәны ишыҟам, ари амш гәыкала, ламысла азанааҭтә уалԥшьа анагӡареи, афырхаҵареи ахацәнымырхареи, есыҽны атәыла ашәарҭадареи азакәанеиҿкаареи рыхьчараҿы игылоу рџьабааи иасимволны иҟоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

«Ареспублика Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа аԥышәарақәа рыла иӡрыжәу ибеиоу аҭоурых рымоуп, ҳара иаҳгәалашәоит ахьыԥшымра азықәԥара ашықәсқәа раан ҳусзуҩцәа рыжәҩахыр еибыҭа ажәлар ирыдгыланы ахақәиҭреи асуверенитети ишазықәԥоз. Аӡәырҩы шәара шәҟынтәи, ҳаҭыр зқәу аветеранцәа, усҟантәи афырхаҵаратә хҭысқәа раан хшаҭарак ҟамҵакәа ажәлар ирылагылан.

Ари хәызмаӡам ҭынхоуп уажәтәи абиԥара азы. Иахьа, аҭынч аамҭа аныҟоу, ҳара гәадурала ари ахьӡ-аԥша зцу атрадициа иацаҳҵоит, ауаажәларра рыҩнҵҟа аҭынчреи аҭышәынтәалареи рыхьчара ҳаҿуп», - ҳәа иҳәеит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут.


Read 35 times