Асааҭ 08:00 рзы Аҟәа ақалақьи ареспублика араионқәа зегьы рҿы алхратә ҭыԥқәа аатит.
Зынӡа Аҟәа ақалақьтә Еизареи араионтә Еизарақәеи рахь акандидатцәас иқәгылоуп 288-ҩык.
- Аҟәа ақалақьтә Еизара – 19 ҭыԥ рахь иқәгылоуп 41-ҩык, убри аан 15-ҩык аҩынтәраан иқәгылоуп.
- Гагра араионтә Еизара – 25 ҭыԥ рахь иқәгылоуп 49-ҩык акандидатцәа.
- Гәдоуҭа араионтә Еизара – 29 ҭыԥ рахь иқәгылоуп 51-ҩык ккандидатцәа.
- Аҟәа араионтә Еизара – 15 ҭыԥ рахь иқәгылоуп 28-ҩык акандидатцәа.
- Гәылрыԥшь араионтә Еизара – 15 ҭыԥ рахь иқәгылоуп 30 – ҩык акандидатцәа.
- Очамчыра араионтә Еизара – 32 ҭыԥ рахь иқәгылоуп 54 – ҩык акандидатцәа.
- Ҭҟәарчал араионтә Еизара – 15 ҭыԥ рахь иқәгылоуп 21-ҩык акандидатцәа.
- Гал араионтә Еизара – 11 ҭыԥ рахь иқәгылоуп 14-ҩык акандидатцәа.
