Print this page
08.Абҵара.2025

Аԥсны анапхгаҩцәа аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа рҿы абжьыҭара рхы аладырхәит.

Аҟәа. Абҵарамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны анапхгаҩцәа аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа рҿы абжьыҭара рхы аладырхәит.

Аҳәынҭқарра Ахада аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рахь абжьыҭарақәа рыҟны ибжьы иҭиит.

 Аҳәынҭқарра Ахада ашәҟәы дахьҭаҩыз аҭыӡҭыԥ – Аҟәатәи аҳәынҭқарратә коллеџь аҟны иҟоу алхырҭатә ҭыԥ алхырҭатә ҭыԥхада №6 ала ибжьы иҭиит.

«Ари даара аҵак ду змоу мшуп аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рышьақәыргыларазы. Сгәы иаанагоит иалххо адепутатцәа атәыла иахәо ҟарҵоит ҳәа», — иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра  Гәынба.

Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа Очамчыра ақалақь — алхырҭатә ҭыԥ №  4, лхырҭатә ҭыԥхада № 32 аҟны аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рахь абжьыҭарақәа рыҟны ибжьы иҭиит.

Беслан Бигәаа иаҵшьны иҳәеит аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа ирымоу аҵак ду атәы, урҭ русура атәылауаа рыԥсҭазаара ахаҭабзиара аиӷьтәра ишазку.

«Акандидатцәа зегьы аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәеи ақалақьтә еизарақәеи рыҟны аусура иаԥсоу роуп, сгәы иаанагоит урҭ русура атәылауаа рыԥсҭазаара аиӷьтәра ишацхраауа», — ҳәа иҳәеит Беслан Бигәаа.

Аԥыза-министр Владимир Делба Аҟәа ақалақь абыжьбатәи алхырҭатә ҭыԥ хада актәи алхырҭатә ҭыԥ аҟны ибжьы иҭиит.

Аиҳабыра рхада инаҵшьны иазгәеиҭеит, аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа аҵак ду шамоу.

«Сгәанала, алхрақәа рхаҭақәа ҳауаажәларра ргәазыҳәарақәа еиҳа ирықәшәо ​​ахаҭарнакцәа ралхразы алшара рнаҭоит», — ҳәа иҳәеит Владимир Делба.

Иара иазгәеиҭеит, Аԥсны атәылауаа есымша алхрақәа рахь ишнеиуаз, агәыӷра ааирԥшит уажәгьы ицаны рыбжьы шырҭиуа азы.

 


Read 78 times