Print this page
06.Абҵара.2025

Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоуи Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацуразы Ахаҭарнакра анапхгаҩы инапынҵақәа назыгӡои русуратә еиԥылара мҩаԥысит.

Аҟәа. Абҵарамза 6, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Мактина Џьынџьалԥҳаи Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацуразы Ахаҭарнакра анапхгаҩы инапынҵақәа назыгӡо Татиана Степановеи русуратә еиԥылара мҩаԥысит.

Аиԥылараҿы ирылацәажәеит акибершәарҭадареи ацифратә ҵарадырреи рыпроблемақәа рыӡбара, зықәра наӡам апсихиатриатә цхыраара рыҭара асистема аҿиара иазырхоу ахәыҷтәы омбудсмен лаԥшьгарақәа.  

Аиԥылара иалахәыз ахәыҷқәа аинтернет аҟынтәи ашәарҭарақәа рацәыхьчара акыр актуалра зҵоу ахыдҵақәа иреиуоуп ҳәа иазгәарҭеит. Иарбоу ахырхарҭа аҳәаақәа ирҭагӡаны арккаратә проектқәа реицынагӡара, ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи рҿы ацифратә ҵакыраҿы ишәарҭам ахымҩаԥгашьа ашьақәыргылара иазырхоу апрограммақәеи аусмҩаԥгатәқәеи реиҿкаара алшара иахәаԥшит.  

Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан Аԥсны ахәыҷқәеи зықәра наӡам ахбыџқәеи рзы иҷыдалкаау апсихиатриатә цхыраара асистема аԥҵара азҵаара. Иарбоу аконтекст аҿы Урыстәылатәи апрофилтә експертцәа рганахьала аметодикатәи абжьгаратәи адгылареи ацхыраареи раиура алшара иалацәажәеит.

Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Лаппарат азиндырҩы Екатерина Лиаховецкаеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацуразы Ахаҭарнакра аусзуҩ Мадина Воубеи.


Read 61 times