Print this page
06.Абҵара.2025

Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Владислав Арӡынба ирезиденциа ахьыҟаз Гәдоуҭатәи аҩны музеины иҟалоит.

Аҟәа. Абҵарамза 6, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. 1992–1993шш. Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Владислав Арӡынба ирезиденциа ахьыҟаз Гәдоуҭа ақалақь Кьиараза рымҩа 93 аҿы иҟоу 1905 шықәсазы иргылаз ахыбра аҩны- музеины иҟалоит. Аибашьра ашьҭахь ари аҩны акыршықәса игәыгәҭажьны игылан. Ааигәа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба ари аҭоурыхтә ҭыԥ даҭааит. Уи ари аҩны аахәаны, ақалақь-фырхаҵа Гәдоуҭа иҟоу С.П.Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра амузеи ҳамҭас аҭаразы аӡбамҭа идикылеит.

Иахьа инаркны араҟа аҵакыра арыцқьареи аҩны шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара аҽазыҟаҵареи ирылагеит.

Амузеи адиректор Гәыгәыца Џьыкырба еиҭалҳәеит ари аҩны аҿы аибашьраан 413 мшы рыҩныҵҟа Владислав Григори-иԥа Арӡынба иштаб шыҟаз.

«Араҟа иара аиԥыларақәа мҩаԥигон, асасцәа дырԥылон», - ҳәа иазгәалҭеит Гәыгәыца Џьыкырба.

Уи лажәақәа рыла, ари аҩны аибашьра ашьҭахь акыр шықәса игәыгәҭажьны иҟан, убри азоуп Аҳәынҭқарра Ахада ари аҭоурыхтә баҟа ахь изхьарԥшра аҵак ду замаз.

«Аибашьра ашықәсқәа раан, 413 мшы абри аҩны аҟны дыҟан Владислав Арӡынба, араҟоуп иара аус ахьиуаз, аусуратә еиԥыларақәа ахьымҩаԥигоз, хра злоу азҵаарақәа ахьырыӡбоз. Аҭоурыхтә хыбра аамҭа аӡыблара иалаӡыр ҳәа ҳшәон», - ҳәа илҳәеит лара. Лара лажәақәа рыла, аибашьра алагаанӡа уи ашьҭахьгьы ари аҩны аԥшәмацәа аман. Бадра Гәынба урҭ ԥшааны ахыбра ааихәеит, уажәшьҭа Аџьынџьтәылатәи еибашьра амузеи гәдоуҭатәи афилиалны аҟаҵаразы уи аҳәынҭқарра абаланс ахь иқәыргылоуп. Азиндырҩцәа иахәҭоу аусшәҟәқәа еиқәдыршәоит», – ҳәа илҳәеит Гәыгәыца Џьыкырба.

Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Алхас Ҷолокәуа ари аҩны «шаҳаҭ» ирыман аԥсуа жәлар рхьыԥшымразы ақәԥара, рлахьынҵа зыӡбоз аиԥыларақәа, рҭоурыхтә ӡбамҭақәа. Уи С.П.Дбар имузеи иахәҭакны иҟалоит ҳәа иазгәеиҭеит.  

«Ахыбра аинрал Сергеи Дбар ихьӡ зху Гәдоуҭатәи арратә хьӡи-ԥшеи рмузеи иаҭоуп. Уи Владислав Григори-иԥа Арӡынба имемориал аҳасаб ала иҟалоит», — ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Алхас Ҷолокәуа. Уи иара убас Аҳәынҭқарра Ахада ас еиԥш иаԥшьгара ари аҩны иамоу иҷыдоу аҭоуыхтәи ааӡаратәи аҵакы иадҳәалахеит ҳәа  иазгәеиҭеит.

«Даара акыр аҵанакуеит ҳаԥхьаҟа амузеи аҿы ҿыц еиҵагыло аҿар рхаҭарнакцәа усҟантәи аамҭа атмосфереи ажәлар рԥыза Владислав Арӡынба аԥхьа днаргыланы,  ҳҳәынҭқарра ашьақәгылара ахыҵхырҭаҿы игылаз ирыдыз аҭакԥхықәреи  рнырыртә аҟаҵара», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.

Шьаҭанкыла аргыларазы Аусбарҭа аиҳабы Демир Гамсаниа иажәақәа рыла, иара напхгара зиҭо аусбарҭа аҿаԥхьа хыдҵаны иқәыргылоуп иарбоу ахыбра шьаҭанкыла аиҭашьақәыргыларазы апроект-харџьынҵатә документациа аиқәыршәара.  

Аҩны акәша-мыкәша аҵакыра арыцқьара иалагеит. Акапиталтә ргыларатә усбарҭа анапхгаҩы Демир Гамисониа иажәақәа рыла, аҩны аҭоурых-культуратә ҭынха аобиектқәа рсиа иарбоуп, уи уаанӡа ишыҟаз аиԥш еиҭашьақәыргылахоит.

«Ари аҭоурых-культуратә ҭынха аобиектқәа рсиаҿы ареволиуциа ҟалаанӡа, 1905 шықәсазы иргылаз хыброуп ҳәа иахьарбоу адагьы, 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар рԥыза Владислав Арӡынба итәарҭан-игыларҭан. Аҩны аиҭашьақәыргылара иалагахьеит — аҟазацәа аҭыԥ дрыцқьоит, аамҭа кьаҿ иалагӡаны апроект дырхиоит, анаҩс ахыбра аиҭашьақәыргылара иалагоит. Иазԥхьагәаҭоуп ари аҩны атәыла раԥхьатәи Ахада имемориалны иҟалоит ҳәа», – иҳәеит  Демир Гамсаниа.      

 

 

 

 


Read 92 times