Print this page
14.Жьҭаара.2022

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА ААУ 90 ШЫҚӘСА АХЫҴРА ИАЗКЫЗ АНЫҲӘАТӘ УСМҨАԤГАТӘ ДАЛАХӘЫН.

Аҟәа. Жьҭаарамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет 90 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә далахәын.

Аҳәынҭқарра Ахада иқәгылараҟны иҳәеит:

Ҳаҭыр зқәу Алеко Алықьса-иԥа, аҵарауаа, астудентцәа, аспирантцәа. Гәыкала ишәыдысныҳәалоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ԥшьынҩажәи жәаба шықәса ахыҵра!

Аԥсны Аҳәынҭқарра аргылараҿы ауниверситет алагала даара иҳаракуп. Аҵара - лашароуп, аҵарадара – лашьцароуп. Аҿар анаҳааӡа, адырра ҳаракы анраҳҭа, ҳԥеиԥшгьы лашахоит.

Ауниверситет аҿы аус зуа иҭабуп ҳәа шәасҳәоит шәџьабаазы. Ҷыдала иазгәасҭоит аректор, зыхьӡ Аԥсны анҭыҵ акыр инеихьоу аҵарауаҩ Алеко Алықьса-иԥа шәлагаламҭа. Ауниверситет аихьӡарақәа акыр хаҭала Шәара ишәыбзоуроуп. Шәара аԥхьа шәнаргыланы, арҵаҩцәа, аҿар, ишәзеиӷьасшьоит ақәҿиарақәа, аизҳара, аҭынчра.

 

 


Read 477 times - Асабша, 15 Жьҭаара 2022 14:38