Print this page
06.Абҵара.2025

6 млрд. мааҭ инареиҳаны ашәахтә шәатәқәа 2025 шықәса жәамз рыла Аԥсны абиуџьет иалагалан. .

Аҟәа. Абҵарамза 6, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра ахылаԥшрала Аԥсны абиуџьеттә система ахашәалахәқәа ҳазҭоу 2025 шықәса 10 мыз рыла   922 млн.  473,9 мааҭ рыла иазҳаит. Иҳаҩсыз  2024 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, уи 6 млрд. 199 млн. 439,5 мааҭ рҟынӡа инаӡет, убри аан планла иазԥхьагәаҭан  – 5 млрд. 576 млн. 138,7 нызықь мааҭ.  

Аплантә рбагақәа 111% рыла инагӡоуп.

Ашәахтә шәатәқәа ралагалара араионқәа рҿы 2025 шықәса 10 мыз рыла абас ала ишьақәгылеит:

  • ақ. Аҟәа: алагалақәа 413 млн. 721 нызықь мааҭ рыла иазҳаит, иҳаҩсыз 2024 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны урҭ реицҵалыҵ 2 млрд. 840 млн. 628 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит (109%), убри аан планла иазԥхьагәаҭан 2 млрд. 609 млн. 645 нызықь мааҭ.  
  • Гагра араион: алагалақәа иазҳаит 246 млн. 322 нызықь мааҭ рыла, иҳаҩсыз 2024 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны урҭ реицҵалыҵ 1 млрд. 878 млн. 523,4 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит (110%), убри аан планла иазԥхьагәаҭан – 1 млрд. 711 млн. мааҭ.
  • Гәдоуҭа араион: алагалақәа иазҳаит 26 млн. 239 нызықь мааҭ рыла, иҳаҩсыз 2024 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны урҭ реицҵалыҵ 569 млн. 649,2 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит (112%), убри аан планла иазԥхьагәаҭан – 508 млн. 131,2 нызықь мааҭ.
  • Аҟәа араион: алагалақәа иазҳаит 63 млн. 44 нызықь мааҭ рыла, иҳаҩсыз 2024 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны урҭ реицҵалыҵ 229 млн. 172 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит (174%), убри аан планла иазԥхьагәаҭан – 131 млн. 870,6 нызықь мааҭ.  
  • Гәылрыԥшь араион: алагалақәа иазҳаит 162 млн. 354 нызықь мааҭ рыла, иҳаҩсыз 2024 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны урҭ реицҵалыҵ 351 млн. 91,2 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит (149%), убри аан планла иазԥхьагәаҭан – 236 млн. 399 нызықь  мааҭ.  
  • Очамчыра араион: алагалақәа лаҟәит 8 млн. 810 нызықь мааҭ рыла, иҳаҩсыз 2024 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны урҭ реицҵалыҵ 200 млн. 289 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит (73%), убри аан планла иазԥхьагәаҭан – 276 млн. 182,9 нызықь мааҭ.  
  • Ҭҟәарчал араион: алагалақәа ирызҳаит 1 млн. 848 нызықь мааҭ рыла, иҳаҩсыз 2024 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны урҭ реицҵалыҵ 48 млн. 642,8 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит (133%),  убри аан планла иазԥхьагәаҭан – 36 млн.  495,3 нызықь мааҭ.  
  • Гал араион: алагалақәа ирызҳаит 17 млн 758 нызықь мааҭ рыла, иҳаҩсыз 2024 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны урҭ реицҵалыҵ 81 млн. 443,9 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит (123%), убри аан планла иазԥхьагәаҭан – 66 млн. 414,7 нызықь мааҭ.  

 

 

 

 

 

 

 


Read 98 times