Print this page
05.Абҵара.2025

Софиа Боџьгәуа Пекин имҩаԥысраны иҟоу асахьаркыратә гимнастиказы жәларбжьаратәи атурнир далахәхоит.

Аҟәа. Абҵарамҳа 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнак Пекин имҩаԥысраны иҟоу асахьаркыратә гимнастиказы жәларбжьаратәи атурнир далахәхоит.

Аспортсменка Софиа Боџьгәуа абҵарамза 12 инаркны 14 рҟынӡа Пекин имҩаԥысраны иҟоу жәларбжьаратәи атурнирқәа – «Небесная грациеи» Beijing Top Open - 2025 дрылахәхоит. Уи уахь Аԥсны Аҳәынҭқарра асахьаркыратә гимнастика Афедерациа ддәықәнаҵоит.

Аԥсны Аҳәынҭқарреи Китаитәи Жәлар Рреспубликеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа ахьыҟам инамаданы, аԥснытәи агимнастка «Небеснаиа грациа» абираҟ аҵаҟа инеитралтәу спортсменк лаҳасаб ала дықәгылоит.

Аԥснытәи аспортсменкеи уи лазыҟаҵаҩи уахь рцара, рынхара, рыкрыфарачара ирыдҳәалоу ахарџьқәа зегьы Алина Кабаева напхгара зылҭо Академиа ахахьы иагоит.

Ас еиԥш аҩаӡара ҳарак змоу атурнир Аԥсны ахаҭарнак лалахәхара Аԥсны аспорт аҭоурых аҿы акыр зҵазкуа хҭысуп. Ари ашьаҿа ҳаспортсменцәа жәларбжьаратәи арена ахь анеиразы алшара ҿыцқәа рзаанартуеит.

 

 


Read 81 times