Print this page
04.Абҵара.2025

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада, Арбџьар мчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ хада Гәынба Бадра атәылахьчара Аминистрра даҭааит.

Аҟәа. Абҵарамза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада, Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ хада Гәынба Бадра Атәылахьчара аминистрра даҭааит. Атәылахьчара аминистрраҟны иахьа Арбџьар мчқәа рыҟны ихыркәшахаз аҵарашықәс аихшьалақәа мҩаԥгахеит.

Аилатәара иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аԥыза-министр Владимир Делба, Апарламент Ахантәаҩы Лаша Ашәба, Ашәарҭадара Амаӡаныҟәгаҩ Рауль Лолуа, иара убас ақалақьқәеи араионқәеи радминистрациақәа рхадацәа.

 

 

 


Read 58 times