Print this page
29.Жьҭаара.2025

Аԥснытәи аспортсмен Нарҭ Конџьариа Барнаул имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи атурнир аҿы араӡнытә аԥхьахә игеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аспортсменцәа 2025 шықәса жьҭаарамза 25 – 28 рзы Барнаул ақалақь аҿы имҩаԥысуаз арԥарцәа рыбжьара аӡиудо азы Жәларбжьаратәи атурнир аҿы қәҿиарала иқәгылеит. Жәларьжьаратәи аӡиудо Амши автомашьынарныҟәцаҩ Имши ирызкыз арҭ аицлабрақәа Европеи Азиеи рҟынтәи рхы аладырхәит 23 команда реилазаараҿы иҟаз 500-ҩык инареиҳаны  аспортсменцәа.

Гагратәи аӡиудо ашкол ааӡамҭа Нарҭ Конџьариа зыкапантә категориа 34 кьыла рҟынӡа иҟоу рыбжьара аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит.

Уи хә-иааирак игеит, мацара афинал аҿы иҟаз аиндаҭлара аҿы Урыстәылатәи Афедерациа ахаҭарнак диаҵахеит. Араӡнытә аԥхьахәгаҩы дазыҟаиҵон азыҟаҵаҩ Едишер Конџьариа.

Аџьазтә аԥхьахәқәа раиура иазааигәан Грант Мадоиани Арутиун Аведисиани. Арҭ аспортсменцәа рҩыџьагьы хԥа-хԥа иааира ргеит, аха ахԥатәи аҭыԥ агаразы имҩаԥгаз аиндаҭлараҿы Казахсҭани Монголиеи рхаҭарнакцәа рҿы иаҵахеит.

Атурнир азы акоманда азыҟарҵон азыҟаҵаҩцәа Беслан Арсҭааи Роберт Новоиани.


Read 164 times