Print this page
29.Жьҭаара.2025

Асҭамыр Кациа аԥкьаҭмпыл азы Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор ихраҿа агаразы Шәача имҩаԥысуаз атурнир аҿы аџьазтә аԥхьахәқәа ҩба игеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Асҭамыр Кациа жьҭаарамза  20 – 26 рзы Шәача ақалақь аҿы имҩаԥысуаз Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор ихраҿа агаразы аԥкьаҭмпыл азы атурнир аҿы  аиҳабацәа ркатегориа иаҵанакуа аспортсменцәа рыбжьара қәҿиарала дықәгылеит.

Аицлабрақәа реихшьаалақәа рыла, Асҭамыр ҩ-дисциплинак рҿы иаразнак аџьазтә аԥхьахәқәа ҩба игеит. Убас: иара ихала дықәгыло ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит, иара убас ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит ҩыџьа-ҩыџьала иахьықәгыло еилоу аразриад (микст) аҿгьы.


Read 348 times