Print this page
27.Жьҭаара.2025

Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Аԥсны жәлар Аԥсуа бызшәа амш рыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра  Ахада Гәынба Бадра Аԥсны жәлар Аԥсуа бызшәа амш рыдиныҳәалеит. Адныҳәаларҿы иазгәаҭоуп:

«Акыр иаԥсоу ҳауаажәлар!

Иахьа ҳара иазгәаҳҭоит ҳажәлар рзы лымкаала аҵак ҷыда змоу аныҳәа-Аԥсуа бызшәа амш. Шықәсык ахь мышкы абызшәа иамшны ишрылаҳәоугьы, ҳмилаҭ рзы амшқәа зегь ҳхатәы бызшәа иазкызароуп. Уи ҳмалқәа зегь ирмалуп, уи ҳаиқәырхагоуп, ҳгәадуроуп.

Аԥсуа бызшәа ижәытәӡатәиу абызшәақәа ирхыҧхьаӡалоуп, уи аиқәырхара уалҧшьоуп ҳара ҳзы, уи иаанаго ҳмилаҭ аиқәырхара ауп.

Аҳәынҭқарра анапхгара ирылшо зегь ҟарҵоит аԥсуа бызшәа адгылара аҭаразы. Абжьаратә школқәа рҿы аԥсуа бызшәа арҵаҩцәа руалафахәы иацҵоуп. Ас еиԥш иҟоу аусхкқәа ирыцҵахоит. Аусбарҭақәа рҿы аиԥыларақәеи аизарақәеи аҳәынҭқарратә бызшәала иахьымҩаԥырго ахыԥхьаӡара есааира иацлоит. Ахшыҩзышьҭра аҭоуп изызҳауа аҿар агәцаракра роурц азы ҳаамҭазтәи атехнологиақәа аԥсуа бызшәа рыларҵәара.

Шәааи, еиқәҳархап ҳбызшәа ԥшӡа, ҳцәажәалап аԥсышәала, идҳарҵап ҳҳәыҷқәа, ирылаҳааӡап уи агәыбылра.

Ҩнаҭацыԥхьаӡа иҩныҩлааит наунагӡа аԥсуа бызшәа, наунагӡа иҟазааит аԥсуа жәлар, иҟазааит Аԥсуа ҳәынҭқарра!»


Read 97 times - Аҩаша, 28 Жьҭаара 2025 18:08