Роберт Џьопуа ажурналистика «еидызкыло ацҳа» аҳасабала инанагӡо ароль инаҵшьны иазгәеиҭеит. Уи убас иҳәеит:
«Ажурналистика ажәларқәеи атәылақәеи еимаздо ацҳақәа иреиуоуп. Ҳара иахьа ҳнапы зҵаҳаҩуа аусшәҟәы Псковтәи аобласти Аԥсни аԥхара зҵоу реизыҟазаашьақәа рырҿиараҿы даҽа хра злоу шьаҿакны иҟалоит».
Ирина Фиодорова аиқәшаҳаҭра шықәсык аԥхьа ихацыркыз аусура иацнаҵоит ҳәа иазгәалҭеит. Уи убасгьы нацылҵеит:
«Агәра ганы сыҟоуп, ҳаԥхьаҟа хра злоу аусқәа маҷымкәа ишаҳзыԥшу. Ҳахшыҩзышьра зықәку еиԥшуп, аусеицуразы алшарақәа – рацәоуп. Гәахәарыла шәара шәԥышәа шәымаадоит, ҳаиҩызарагьы аҳәаақәа рырҭбаара ҳазхиоуп».
