Print this page
вчера 2:57

Аҟәа ақалақь аҿы арежиссиор Ольга Дубинскаиа лгәалашәара анаунагӡаразы амемориалтә ӷәы шьақәдыргылеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 23, 2025 шықәса. Аԥсныпресс /Диана Папба/. Аҟәа ақалақь, Вороном мҩала игылоу аҩны аҿы иналукааша урыстәылатәи арежиссиор-адокументалист, афотосахьаҭыхыҩ, апоет, ажурналист, апродиусер Ольга Дубинскаиа лмемориалтә ӷәы аартра иазкыз аныҳәатә церемониа мҩаԥысит.  

Аԥсны амадара

Ольга Дубинскаиа Аԥсны ӷәӷәала илзааигәан.

Лара ҳтәыла раԥхьаӡа акәны даҭааит 1997 шықәсазы, 1998 шықәсазы уи Москва ақалақь аҿы иаԥылҵеит уаҳа здаҟам Нхыҵ Кавказ акультура адгылара аҭара иазку аинформациа-продиуссертә Центр. Акультура арҿиараҿы хаҭалатәи ллагалазы лара «Ахьӡ-Аԥша» аорден ланашьан. Лара иҭлыжьит Аԥсны иазку хынҩажәа инарзынаԥшуа астатиақәеи аессеи, иара убас ашәҟәы «Сны об Апсны» – аԥсуа иумор иазку ановеллақәа реизга. Аибашьра аналага асцена амыцхәрас аибашьра дәы алызхыз С.Чанба ихьӡ зхзу атеатр актиорцәа рҭоурыхқәа рышьаҭала лара аповест «Страсти по Владиславу» аԥылҵеит (анаҩс — раԥхьатәи урыстәылатәи адокументалтә фильм), иара убас иҭылхит рметраж маҷу амузыкатә фильмгьы.  

Афотосахьаҭыхыҩ иаҳасабала Ольга Дубинскаиа Аԥсны иазкны аа-цикл афотоетиудқәа аԥылҵеит. Уи лыԥшәмахаҵа, ашәҟәыҩҩ Дмитри Минченок, игәалаиршәеит, аибашьра ашьҭахь еилаԥыхаасса ишьҭаз атәылахь дааны, лара иҟәыбаз ақалақь ашәареи арыцҳареи» ракәымкәа еиуеиԥшым аԥшшәқәа рбара шлылшаз. 2022 шықәсазы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысит уи лусумҭақәа рцәыргақәҵа «Сны об Апсны». Араҟа 2000 сахьа рҟынӡа иҟоу лара лколлекциа аҟынтәи 70 фотосахьа цәыргақәҵахеит.

Амемориалтә ӷәы аартра

Ольга Дубинскаиа иаалырҟьаны лыԥсҭазаара далҵит Аҟәа ақалақь, 2012 шықәсазы Воронов имҩала игылоу аҩны аҿы илымаз луада аҿы.  Уи лгәалашәара анаунагӡатәразы аидеиа лара илзааигәаӡаз лҩызцәеи Аԥсны Актәи Ахада Владислав Арӡынба иҩызцәеи идгылаҩцәеи ирызцәырҵит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Гәыли Кьычба (жәлар реиҿкаара «Аԥсны анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы» ахада), аинрал Аслан Кобахьиа, аҵарауаҩ Ҭали Џьапуа, Аԥсны жәлар рартист Кьиасоу Ҳагба, аветеранцәа рхеидкыла аԥыза Ҭемыр Надараиа. Ари аԥшьгара адгылара арҭеит аҳҭнықалақь ахада Ҭемыр Агрбеи Ақалақьтә Еизареи.

Абарелиеф авторс дамоуп аскульптор Витали Џьениа. Ацеремониалтә қәыршә ахыхра азин ирҭеит Ольга Дубинскаиа лыԥшәмахаҵа Дмитри Минченок.

Ольга Дубинскаиа лгәалашәара иазкуп апоет Геннади Аламиа иажәеинраала «Пронзенная светом». Апоет Расул Гамзатов уи илыхҳәааны иҳәеит: «Иҟоуп убас еиԥш аҳәса, ахацәа амҩа дзырбо… урҭ ахаҵа агәазҭазааа ӷәӷәа ирҭоит, избан акәзар дара рхаҭақәагьы рыԥсыцқьара еиҳагьы иҳаракуп – убри ауп аҵыхәтәан Ҳазшаз еилкаарахь уназго».  они заставляют мужчину высоко взлетать, потому что их душа еще выше – и в конечном итоге приводят к пониманию Творца».

Ольга Дубинскаиа  лыԥсҭазаареи лырҿиаратә мҩеи

Ольга Дубинскаиа диит  Москва ақалақь,  акинематографистцәа рҭаацәараҿы. Адиплом ҟаԥшь ала далгеит ГИТИС атеатрдырратә факультет. 1990-шықәсқәа ралагамҭазы лара аус луан ателехәаԥшреи арадиои рҿы, автортә программақәа мҩаԥылгон. Апродиусер иаҳасабала, лара урыстәылатәии европатәии апублика Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр иуникалу амилаҭтә қәгыларақәа длырдырит, иара убас китаитәи акробаттә балет  «Лебединое озеро». Лара иара убас Аладатәи Афедералтә Округ «Нхыҵ Кавказ» аекономикатә аус ацуразы Ассоциациа акультуреи аҟазареи рзы афедералтә координациатә Хеилак  алахәылас дыҟан.

 

 

 

 

 


Read 73 times - Аԥшьаша, 23 Жьҭаара 2025 18:02