Print this page
17.Жьҭаара.2025

Аслан Асланӡиа ишьра афакт ала ашьаус хацыркуп.

Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Очамчыра араион апрокуратура Асланӡиа М.Д., Киут А.А., Асланӡиа В.Н. рганахьала  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 105, ахәҭа 4 иазԥхьагәанаҭо ацәгьоура аҟазшьақәа рыла – гәыԥҩык ауаа гәҭакыла аҽгәамҭарала ауаҩы иԥсра зыхҟьаз агәабзиара ӷәӷәала аԥырхагахара афакт ала ашаьус хацнаркит.  Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны апрокуратура Хада асаит.

Аусҭҵаара ишаанацҳауа ала, жьҭаарамза 10, 2025 шықәса рзы, хәаылбыҽха, асааҭ 18:00 инарзынаԥшуа, Очамчыра араион Аҭара ақыҭан аимак аан хҩык агәҩара ззыҟоу ауаа — Виачеслав Нодар-иԥа Асланӡиеи, Мран Динвер-иԥа Асланӡиеи, Арсоу Амеран-иԥа Кьиути — Аслан Асланӡиа иуаҭәа аҳәызба зныкымкәа иаларҵеит. Ацәгьоура ҟалеит автомашьына Toyota Voxy (аҳәынҭқарратә ашәҟәҭагаларатә дырга Т699ОО АВН) аҩнуҵҟа.

Жьҭаарамза 12 рзы иаанкыланы мызкы ҳәа ирбаандаҩын  Виачеслав Асланӡиеи Арсоу Киути.    Мран Асланӡиа ишьҭоуп.

Заанаҵтәи аусҭҵаара аусбарҭеи аоперативтә маҵзурақәеи аршаҳаҭгақәа реизгареи Мран Аснанӡиа иҟазаара аҭыԥ аилкаареи иазкны аусеилыргаратә уснагӡатәқәа мҩаԥыргоит.

 


Read 190 times