Print this page
16.Жьҭаара.2025

Аҳәынҭқарра Ахада аишәа гьежь «Аԥсни Урыстәылеи: азеиԥш цивилизациатә мҩа» далахәын.

Аҟәа. Жьҭаарамза 16, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аишәа гьежь «Аԥсни Урыстәылеи: азеиԥш цивилизациатә мҩа» мҩаԥысит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы. Афорум еиҿкаахеит ААУи асоциалогатә ҭҵаарақәа рлаброториеи рыла.

Урыстәыла аганахьала аишәа гьежь аусура ихы алаирхәит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҟны иҟоу асоциалтә процессқәа рмониторинги ранализи рызҵаарақәа рзы Аусбарҭа анапхгаҩы  Алеқсандр Харичев, аԥсуа ган аҟынтәи – Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешбеи.

Аҳәынҭқарра Ахада иаҵшьны иҳәеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет атәылаҟны ихадоу ҵараиурҭаны, иналукааша ҭҵаарадырратә центрны ишыҟоу, Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит ААУ аҟны аҵара злаиҵоз ала, иара хаҭала ара иҟазараа ҷыдала агәахәара шинаҭо. 

Бадра Гәынба иҳәеит аҵараиурҭа апрофессор-рҵаҩратә еилазаара ареспубликазы апрофессионалтә кадрқәа разыҟаҵараҟны рлагаламҭа аҵак ду шамоу. 

Аишәа гьежь аартуа, Бадра Гәынба иҳәеит:

«Акыр иаԥсоу аҩызцәа!

Гәык-ԥсык ала бзиала шәаабеит ҳәа шәасҳәоит аишәа гьежь «Аԥсни Урыстәылеи: азеиԥш цивилизациатә мҩа» аартраҟны.  

Гәыкала иҭабуп ҳәа расҳәоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети Асоциологиатә ҭҵаарақәа рлабораториеи иеиҿыркааз акрызҵазкуа адискуссиатә усмҩаԥгатә азы. 

Ас еиԥш иҟоу аҵаралашаратә аԥшьгарақәа ҳаиашьара еидызкылоны иҟоу ашьаҭақәа инарҵауланы азхәыцразы хра злоу аҵакы рымоуп.  

Гәахәароуп академиатә уаажәларра рыҩныҵҟа аҳәынҭқарратә еилазаарақәеи аҵараиуратә еиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәа ахьыҟоу. Шәара Урыстәылеи Аԥсни рдоуҳатә, ркультуратә еимадарақәа рырӷәӷәара иазкны имҩаԥыжәго аусура, ахә ҳаракны ишьатәуп. 

Ҳзеиԥштә цивилизациатә мҩа атема ҷыдала аҵакы амоуп ҳҭоурых аилкаареи аԥхьаҟатәи аԥсҭазаарахь ихоу амҩа алхреи рзы. Ҳара ҳаидызкыло акәны иҟоуп атрадициақәеи, алеишәеи, адоуҳатә шьаҭақәеи ҳаҭыр рықәҵара уасхырс измоу иаҳзеиԥшу аҵасқәа. Иахьа иҳәатәуп аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа ирызку аԥышәа аиқәырхареи арҿиареи знапы иану абиԥара ҿыцқәа ишрымадатәу атәы.  

Сара агәра згоит аишәа гьежь аҳәаақәа ирҭагӡаны аҵак ду змоу ари аиҿцәажәара атәылақәеи ажәларқәеи рыбжьара аидгыларатә еизыҟазаашьақәа аԥхьаҟагьы рырӷәӷәара ишацхраауа.

Зегьы ишәзеиӷьасшьоит лыҵшәа змоу аусура, адискуссиақәа, иҿыцу иконструктивтәу аидеиақәа».

 

 

 

 

 

 

 


Read 121 times