Print this page
16.Жьҭаара.2025

Аполитикатә партиа «Амцахара» 25-шықәса ахыҵра иазкыз XVI Аизараду мҩаԥысит Аҟәа ақалақь аҿы.

Аҟәа. Жьҭаарамза 16, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аполитикатә партиа «Амцахара» 25-шықәса ахыҵра иазкыз XVI Аизараду Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысит. Аизараду рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, атәыла аԥыза-министр Владимир Делба, атәыла Анапхгара алахәылацәа, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, аветерантә еилазаарақәа рхаҭарнакцәа, аветеранцәеиурҭ рыуацәеи, Аԥсны Афырхацәа, апрлитикатә партиа «Амцахара» алахәылацәеи уи адгылаҩцәеи егьырҭ ҳаҭыр зқәу асасцәеи.

Еизаз рҿаԥхьа дықәгыло Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба иахьа иазиубилеи азгәазҭо аиҿкаара акыр шықәса инеиԥынкыланы ҳтәыла ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаара активла ахы аланархәуеит ҳәа иазгәеиҭеит.  Уи «Амцахара» - ари аполитикатә еиҿкаара мацара акәымкәа, ари Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа еидызкыло еиҿкаароуп ҳәа ҷыдала иазгәеиҭеит.

«Шәара зхы-зыԥсы иамеигӡаз уаауп ҳтәылазы иуадаҩыз аамҭақәа рзы. Аҭынч ԥсҭазаараҟынгьы Аԥсадгьыл аинтересқәа рыхьчаразы шәгылан, иахьагьы шәгылоуп.  

Ҳара иаҳгәалашәоит 25 шықәса раԥхьа шәара шәеидгылара – Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа, аибашьцәа аиааира згаз реидгылара – Ҳмилаҭтә ԥыза, Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба дшақәныҳәаз. Уи аветеранцәа амилаҭ рыламыс иасимволны , агәымшәара иасимволны иԥхьаӡон», – ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба.

Аҳәынҭқарра Ахада иажәахә аҿы иара убас инаҵшьны иазгәеиҭеит апартиа аԥҵара ахыҵхырҭаҿы ишгылаз хашҭра зқәым Афырхацәа, згәымшәарала Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны аиааира ааигәазтәуаз: Сергеи Дбар, Салыбеи Арӡынба, Владимир Начач, Мираб Кьышьмариа, уҳәа егьырҭ аӡәырҩы. Урҭ ирыдгылаз аибашьцәагьы даргьы иеиҿыркааит аҵыхәтәантәи ашықәсқәа зегьы атәыла ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаара активла иалахәыз аиҿкаара.

«Сара, Аԥсадгьыл амаҵураҟны хамеигӡарак ҟазымҵаз аветеранцәа ҿырԥшыганы иҟоу абиԥара ҿыц иахаҭарнаку, исҭахуп автеренацәа зегьы еидгылазарц! Аибашьра адәаҟны ишеидгылаз еиԥш, еидгыланы Ҳаԥсадгьыл ахьчаразы аԥсра ианазцоз еиԥш.  

Сара сзы автеренацәа зегьы, политикатә гәаанагарас ирымазаалак, милаҭс изҵазкуазаалак, зегьы Фырхацәоуп. Зегьы ҳрызгәдууп!» – ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба. Аҳәынҭқарра Ахада аветеранцәа зегьы ирзеиӷьаишьеит агәабзиара ӷәӷәа, агәамч, аԥсуа ишықәснҵыра ду.

«Акыр иаԥсоу аветеранцәа! Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеи! Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ақәранҵыра ду, аҭынчра, Ҳаԥсадгьыл аизҳазыӷьара!»    

Аҳәынҭқарра Ахада гәахәарыла иазгәеиҭеит иахьа апартиа ишалало аҿар, урҭ ридеиа ҿыцқәа апартиа аусура ишаларгало.

«Гәахәароуп, иахьа апартиа «Амцахара» ахь, апартиа аусура азнеишьа ҿыцқәа, агәаанагара ҿыцқәа алазгало аҿар ааиуа иахьалагаз.

Хәы змаӡам шәара шәԥышәеи аҿар ргәамчи реицҵара иабзоураны апартиа ихадароу аҳәынҭқарратә уснагӡатәқәа рыӡбара активла алахәра алнаршоит. 

Ари даҽазныкгьы иаанарԥшуеит ҳтәылаҟны апартиатә ргылара аҵак ду, ҷыдала апатриотизми ажәлар рымаҵ ауреи ирызку аидеиалқәа ирықәныҟәо аполитикатә мчқәа рзы.   Абас иҟоу аиҿкаарақәа роуп иалзыршо адемократиа иаша арҿиареи аҳәынҭқарра аҭышәынтәалареи», – ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.  

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьаразы Аусԥҟақәа инапы рыҵаиҩит.

«Ахьдз-Аԥша» Аорден II аҩаӡара рыԥсҭазаара ианалҵ ашьҭахь Аԥсны Афырхацәа: 

Арӡынба Салыбеи Зосим-иԥа,

Аиба Гарик Григори-иԥа.

Ахьӡ-Аԥша» аорден ранашьоуп иара убас:

Леон иорден занашьоу Џьапуа Баҭал Рушьни-иԥа,

Аԥсны Афырхаҵа Тәанба Виктор Шьалуа-иԥа.

 

 

 

 

 


Read 135 times