Аилатәара рхы аладырхәит аенергетика Аминистрра азиндырратә усбарҭа аиҳабы Алиас Гәынба, Амуниципалтә Унитартә Наплакы «Аҟәатәи Афымцатә Станциа» адиректор инапынҵақәа назыгӡо Ҭенгиз Блабба, анџьныр хада Алеқсеи Строчан, адиректор ихаҭыԥуаҩ Даур Ешба, азиндырҩы хада Алеқсандр Лиубовски, иара убас Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» аҭира аҟәша аиҳабы Саид Блабба.
Аиԥылара аихшьаалақәа рыла, уи иалахәыз «Афымцамч азы» Ареспублика Аԥсны азакәан анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны анаплакы амазара шьаҿа-шьаҿалатәи аиагара аплан шьақәдырӷәӷәеит.
Аилатәара мҩаԥысуан Амуниципалтә Унитартә Наплакы «Аҟәатәи Афымцатә Станциа» аҵакыраҿы.