Print this page
вчера 3:55

Атуристтә дәыӷба «Риҵа» ашьыжь Аҟәаҟа иааит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Атуристтә дәыӷба «Риҵа» иахьа ашьыжьымҭан Аҟәатәи аихамҩатә вокзал аҿы иааит. Иара 92-ҩык атуристцәа аанагеит, дара адәыӷба аанҿасарҭаҿы ашәаҳәареи, акәашареи, ачеиџьыкалеи ирԥылеит. Атуристцәа ирԥылеит «Аԥснытәи Аихамҩа» анапхгара ахаҭарнакцәа.

Ари амаршрут Москвеи Воронежи иалаго бжьымш ирҭагӡоу аихамҩатә ныҟәароуп. Уи аамҭа иалагӡаны апассаџьырцәа Урыстәылеи Аԥсни Амшын Еиқәа аԥшаҳәа иаҵанакуа аҭыԥ ԥшӡарҭақәа ирҭаауеит.

Аԥсныҟа аныҟәара иалагӡаны атуристцәа ирбар рылшоит акыр иԥшӡоу аӡхыҽҽарақәа, Ҩыԥсара аиҩхаа, аӡиа Риҵа, Афонҿыцтәи аҳаԥы, Аҟәатәи аботаникатә баҳча.

Атуристтә дәыӷба «Рица» раԥхьаӡа акәны Аԥсныҟа иааит 2023 шықәса цәыббра 10 рзы. Уи аахыс хынтә Аԥсныҟа иаахьеит. Адәыӷба «Риҵа» ҩаԥхьа аара иуникалу атуристтә хырхарҭа аҳасабала Аԥсныҟа еиҳа-еиҳа изызҳауа аинтересс арҵабыргуеит.

Адәыӷбаҿы иҟоуп – акласс «лиукс» иаҵанакуа авагонқәа, «СВ» авагонқәа, иара убас  акупе, аҽыкәабарҭақәа, авагон-спа, ақьафурҭа-авагон, абар, акараоке.


Read 53 times