Print this page
вчера 4:46

Агәабзиарахьчара Аминистрра аҿы акоронартә синдром аан ирласу амедицинатә цхыраара аиҿкаара иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 14,  2025 шықәса. Аԥсныпресс. Акоронартә синдром аан ирласу амедицинатә цхыраара аиҿкаара иадҳәалоу азҵаарақәа ирызкын агәабзиарахьчара Аминистрра аҿы аминистр Едуард Быҭәба имҩаԥигаз аилатәара.

Аминистр Ареспубликатә ашьа-датә Центр аартра – ари акоронартә синдром змоу ауаа рытранспортировказы аҽазыҟаҵара бзиа зҭаху, акыр зҵазкуа хҭысуп.  

«Хымԥада апациентцәа рмаршрутизациа иадҳәаланы ицәырҵыр зылшо ауадаҩрақәа ранализ мҩаԥгатәуп, урҭ рахысразы аеффективра злоу астратегиақәа аԥҵатәуп. Ихадоу аспектқәаны иҟоуп амедицинатә персонал рыквалификациа иахәҭоу аҩаӡараҟынӡа анагара, ихымԥадатәиу ахәшәқәа рыҟазаара алыршара, иара убас ирласу амедицинатә цхыраара амаҵзурақәа иахәҭоу амаругақәа рыла реиқәыршәара», – ҳәа иҳәеит аминистр.

Едуард Быҭәба асистема акомпонентқәа зегьы аусеицуразы  разырхиара  қәҿиарала аусура азы ихадоу факторны иҟоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Аилатәара аҿы иазааҭгылеит апациентцәа рмаршрутизациа, иара убас акоронартә синдром змоу ауаа ачымазара еиуеиԥшым астадиақәа рҿы амедицинатә цхыраара рыҭара аиҿкаара  азҵаарақәа.

Аилатәара аҿы еиуеиԥшым амедицинатә усбарҭақәеи Аԥсны амедицинатә усбарҭақәеи рыбжьара ауснагӡатәқәа ркоординациа азҵаарақәа ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан.

Аминистр иара убас еизаз иргәалаиршәеит агәабзиарахьчара Аминистрреи Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи рколлегацәеи еицхырааны ишеиқәдыршәаз, анаҩс ишышьақәдырӷәӷәаз акоронартә синдром змоу ауаа амедицинатә цхыраара рыҭара атерриториалтә планыркра.

Иара амедицинатә усбарҭақәа зегьы иарбоу асхема хымԥада иақәныҟәалар шахәҭоу, уи апациентцәа еффективла амедицинатә цхыраара рыҭара алнаршоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.


Read 62 times