Print this page
вчера 4:02

Бадра Гәынба: арратә зыҟаҵарақәа рхықәкы хаданы иҟоуп – Аԥсны Арбџьар мчқәа аибашьра разырхиара, реибашьралшара аизырҳара.

Аҟәа. Жьҭаарамза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Арбџьармчқәа рыдҵаҟаҵаҩ Хада, Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, Арбџьар мчқәа Рыштаб Хада аиҳабы Владимир Савченко, Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Рауль Лолуа ицны аоператив-тактикатә арратә зыҟаҵарақәа ирылаху арратә ҟәшеиҵақәа дырҭаауеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура. 

Арбџьар мчқәа рыдҵаҟаҵаҩ Хада Бадра Гәынба Кәтол арезервистцәа реизарҭаҟны днеит. Кәтол иҟоу арезервистцәа ргәыԥ Очамчыра араион ақыҭақәа рҟынтә аррамаҵзура ахысра зҭакԥхықәроу атәылауаа еиднакылоит.

Арбџьар мчқәа рыдҵаҟаҵаҩ Хада ибеит аҭыԥ аҟны иҟоу аҭагылазаашьа. Аҭыԥ аҟны Адҵаҟаҵаҩ хада игәеиҭеит арезервистцәа ахьынӡазыҟаҵоу рҿаԥхьа иқәгылоу адҵақәа рынагӡара аус, ибеит разыҟаҵара зеиԥшраз, аҭыԥантәи адҵаҟаҵаҩцәа драцәажәеит.

«Арт аусмҩаԥгатәқәа ҳҳәынҭқарра ашәарҭадара аиқәыршәара иазырхоуп», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Бадра Гәынба иазгәеиҭеит арезервистцәа рхыԥхьаӡараҿы ишыҟоу 33 шықәса раԥхьа Зыԥсадгьыл ахьчаразы игылаз, 1992-1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа.  

«Иахьа шәара ишәывагылоуп абиԥара ҿыц иаҵанакуа аҿар. Шәара шәԥышәеи, Аԥсадгьыл абзиабареи уи аҿаԥхьа зегьы иҳаду ауали аҿар ирымажәдоит», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Иара еизаз иргәалаиршәеит Қырҭтәыла иахьа уажәраанӡа арратә мчы ахархәара мап ацәкразы аиуристтә ҭакԥхықәра зцу аусшәҟәы анапаҵыҩра мап шацәнакуа.

«Аибашьра еилгеижьҭеи 32 шықәса рнаҩсгьы аӷа иганахьала ашәарҭа шыҟац иҟоуп, уи игәҭакқәа имԥасхӡац, иҿыцу, агибридтә ҟазшьа шьҭырхит ауп. Ҳара ҳазыҟаҵазароуп. Иҟоуп амчқәа Қырҭтәыла иақәыӷәӷәо, еиуеиԥшым апровакациақәа мҩаԥызго», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Очамчыра ақалақь аҿы Арбџьармчқәа рыдҵаҟаҵаҩ Хада убасҵәҟьа арезервистцәа иқәыргылоу ахыдҵақәа рынагӡаразы разыҟаҵара аҩаӡара гәеиҭеит, аҭыԥантәи адҵаҟаҵаҩцәа дрыҿцәажәеит.  

Иахьаҵәҟьа Бадра Гәынба Гәдоуҭа ақалақь даҭааит. Араҟа иара арратә зыҟаҵарақәа рымҩаԥысшьа гәеиҭеит, Гәдоуҭа араион арезервистцәа разыҟаҵара аҩаӡара гәеиҭеит, аҭыԥантәи адҵаҟаҵаҩцәа дрыҿцәажәеит.

Аҳәынҭқарра Ахада атәыла Арбџьармчқәа есымша рырратә зыҟаҵара иаҵоу аҵакы ахадара инаҵшьны иазгәеиҭеит. Уи арратә зыҟаҵарақәа рхықәкы хаданы иҟоу – Аԥсны Арбџьар мчқәа аибашьра разырхиара, реибашьралшара аизырҳара ауп ҳәа иазгәеиҭеит.

 

 

 


Read 89 times