Print this page
12.Жьҭаара.2025

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Лыхнашҭаҟны анхацәа аҽаҩра ныҳәа рыдиныҳәалеит.

Аҟәа.  Жьҭаарамза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Лыхнашҭаҟны аҽаҩра ныҳәа иалахәыз ақыҭақәа рпавилионқәа дырҭааит.

Бадра Гәынба иазгәеиҭеит амилаҭтә традициақәа реиқәырхара иамоу аҵакы, иаҵшьынгьы иҳәеит ари аныҳәа ахаангьы ажәлар реидкыларагьы ишазҳәаз. 

Аҳәынҭқарра Ахада анхацәа аҽаҩра аныҳәа рыдиныҳәалеит, иҭабуп ҳәагьы реиҳәеит ирбо аџьабаазы.Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит амилаҭтә хаҿра, ибеиоу ҳкультура, ҳԥеиԥш  аиқәырхараҟны дара рлагаламҭа иамоу аҵак ду атәы.

«Ақыҭа аиқәырхареи аҿиареи — уасхырс иамоуп ҳҳәынҭқарра, уи адагьы ҳтәыла мчы аманы изыҟалаӡом! Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аизҳазыӷьара, ахирра ҭаацәацыԥхьаӡа»! —ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба.

Аныҳәа иалахәын Гәдоуҭа араион ақыҭақәа, Афон ҿыц, иара убас Ҟарачы-Черқьесиа. Аныҳәа иалахәыз дасу рҭыӡқәа рыҟны ицәырыргеит ақыҭанхамҩатә аалыҵ, амилаҭтә чыс, арыжәтә.

Иара убас имҩаԥысит аныҳәатә концерти аспорттә усмҩаԥгатәқәеи, Гәдоуҭа араион акомандақәа еицлабуан аҵәеигәыдҵареи, ҽыла ампыл асреи рҿы.  

 

 


Read 36 times - Аҩаша, 14 Жьҭаара 2025 17:05