Print this page
12.Жьҭаара.2025

Ахылаԥшратә хәықәкытә программа «Ақыҭанхамҩа аҿиара» абиуџьет миллиардбжак аҟынӡа ишьҭыхуп.

Аҟәа.  Жьҭаарамза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ахада идикылаз азыӡбала ахылаԥшратә хәықәкытә программа «Ақыҭанхамҩа аҿиара» абиуџьет 500 млн. мааҭ аҟынӡа ишьҭыхуп. Абри азы Аҳәынҭқарра Ахада аҳәамҭа ҟаиҵеит «Лыхнашҭа» аныҳәаҟны иқәгылараан.

Апрограмма аус ауеит 2021 шықәса инаркны. 2024, 2025 шш. рзы апрограмма анагӡаразы иазоужьхеит  150-150 миллион мааҭ, 2026 шықәсазы иазԥхьагәаҭан абри абиуџьет ашьҭыхра 250 миллион мааҭ рҟынӡа.

Аха акыҭанхамҩа Аԥсны аекономика аҿиараҟны инанагӡо ихадароу ароли акыҭеи анхаҩи комплексла адгылара рыҭаразы иҟоу аҭахреи ҳасаб рзуны, Аԥсны Ахада Гәынба Бадра азыӡба идикылеит афинансзоужьра 500 миллион мааҭ рҟынӡа  ашьҭыхразы.

Абри инақәыршәаны Аминистрцәа Реилазаара адҵа рыҭоуп. 

 

 

 

 


Read 19 times