Print this page
10.Жьҭаара.2025

Абанк Аԥсны Жәларбжьаратәи Ахыԥхьаӡаратә Центр аофис ҿыц Аҟәа ақалақь аҿы иаатит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Абанк «Аԥсны Жәларбжьаратәи Ахыԥхьаӡаратә Центр» аофис ҿыц аартра мҩаԥысит Аҟәа ақалақь аҿы жьҭаарамза 10 рзы абри аҭыӡҭыԥ ала:  В. Арӡынба имҩа, аҩны №115.

Ацаха ҟаԥшь ахҵәара  азы азин рырҭеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанбеи Абанк «Аԥсны Жәларбжьаратәи Ахыԥхьаӡаратә Центр» адиректорцәа Рхеилак ахантәаҩы Андреи Барсови.

Асасцәа рзы абанк аофис ҿыц аҿы аекскурсиа мҩаԥыргеит.

Абанк «Аԥсны Жәларбжьаратәи Ахыԥхьаӡаратә Центр» анапхгараҭара ахантәаҩы Владимир Калмыков, еизаз рахь ихы рханы, аа-шықәса рыла абанк аусурала зыгәра угартә иҟоу, иҭышәынтәалоу афинанстә институт аҳасабала ахы   аанарԥшит ҳәа иазгәеиҭеит.

«Ҳара имаҷымкәа ауадаҩрақәа ҳархысны ҳпозициақәа рырӷәӷәара ҳалҳаршеит, Аԥсны абанктә усхкы арҿиара азы хра злоу иҿыцу атехнологиақәа алаҳгалеит. Сара гәахәарыла иҿыцу ҳофис аӡыргара мҩаԥызгоит, агәра згоит уи ҳаклиентцәа рзы акыр ихәарҭаны ишыҟало, араҟа зыҩӡара ҳараку амаҵзура шалыршахо», — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.

Владимир Калмыков аҭыԥ ҿыц ахь аиасра амаҵзура ахаҭабзиара ашьҭыхреи аклиентцәеи апартниорцәеи рзы аҭагылазаашьақәа реиӷьтәреи рзы имҩаԥган ҳәа адырра ҟаиҵеит: «Зыҩаӡара ҳараку аусуразы ихадоу акакәны иҟоуп – атранспорттә еиқәыршәара, аманшәалара, ззанааҭтә дырра аҩаӡара ҳараку аусзуҩцәа».

Ахәаахәҭратә ҩны «Рубин» адиректор Хада ихаҭыԥуаҩ Сергеи Багаҭелиа абанк анаҩстәи аҿиараҿы ақәҿиарақәа азеиӷьаишьеит, уи акыр аамҭа иҭагӡоу аусеицурала иаарԥшыз абанк аколлектив апрофессионализм атәы инаҵшьны иазгәеиҭеит.

«Ҳара абанк аус ацура ҳгәаԥхоит, уи амаҵзурақәа рхырхәара аринахысгьы иазԥхьагәаҭаны иҳамоуп. Раԥхьа иргыланы, уи зыдҳәалоу абанк аколлектив апрофессионалтә ҩаӡара ауп», – ҳәа иҳәеит Сергеи Багаҭелиа.

Аԥсны Амилаҭтә банк ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Диана Занҭариа, абанк аклиентцәа рбаза азҳаит, амаҵзура ахаҭабзиарагьы акыр еиӷьхеит ҳәа иазгәалҭеит.

«Абанк аҭыԥ ҿыц ахь аиасра инамаданы гәык-ԥсыкала адныҳәалара ҟасҵар сҭахуп. 2017 шықәса инаркны  абанк аколлектив ҳәоуеиқәшәарала русура, иара убри ала аусура хра злоу алҵшәақәа аанарԥшит. Иҿыцу аҭыԥ аҿы хыԥхьаӡара рацәала иҿыцу аидеиақәа, апроектқәеи акреативтә ӡбамҭақәеи раԥҵара алыршахааит», – ҳәа илҳәеит Диана Занҭариа.

Адырранҵа: Абанк Аԥсны Жәларбжьаратәи Ахыԥхьаӡаратә Центр (Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара) урыстәылатәи абанктә холдинг иахәҭакны иҟоуп. Уи аилазаараҿы иҟоуп ЦМРБанк (ЗҲәА).  Ахолдинг аҩныҵҟа ҩ-банк русеицура Аԥсны абанк «Жәларбжьаратәи Ахыԥхьаӡаратә Центр» аклиентцәа рзы еиԥҟьарала оперативла Аԥсны-Урыстәыла-Аԥсны  рыбжьара аҳәааннҭыҵтә аԥаратә аиагарақәа рымҩаԥгара,   иара убас ареспублика аҩныҵҟа ахыԥхьаӡарақәа алнаршоит. Уи иара убас иҿыцу абизнес-еимадарақәа рышьақәыргылара иацхраауеит.

Абанк Аилаҭтә шәаратә система АԤРА иалахәыланы иҟоуп.

 

 

 


Read 72 times